Sputnik Литва ашеф-редактор Марат Касем Вильниус аҳаиртә баӷәазаҿы даанкылан

© Foto / Марат КасемМарат Касем
Марат Касем - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Марат Касем, Sputnik Литва аиҳабы Литваҟа командировка дцон.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Sputnik Литва ашеф-редактор Марат Касем Вильниус аҳаиртә баӷәазаҿ дааныркылеит "Амилаҭтә шәарҭадара аԥырхагахаразы" ҳәа ахара идҵаны. Абри атәы аанацҳауеит ателеграм-канал Ближнее зарубежье.LIVE.

Марат Касем хә-сааҭк иҿахәы иҿырхуан, абри ашьҭахь адырра ирҭеит хәышықәса рыҩнуҵҟа Литва алалара азин шимам азы. Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп.

Уаанӡа Sputnik Латвия ашеф-редактор Валентинс Роженцовс аҳәамҭа ҟаиҵахьан Рига аполициа дшааныркылаз, 12 сааҭ рышьҭахь дшоурыжьыз азы.

Sputnik Латвиа – ажәабжьтә портал ҿыц

Ажурналист иажәақәа рыла, аполициаа зинтерес рымаз иара Sputnik Латвиа ашеф-редакторк иаҳасабала иҟазаареи аресурс аусуреи роуп.

Уи адагьы Латвиа аелектронтә АИХ Рмилаҭтә хеилак ықәгылахьан аҳәынҭқарратә АИХ рҿы Sputnik аматериалқәа ахархәара рымамзарц.

Балтиатәи атәылақәа рнапхгара урыстәылатәи АИХ иахьынӡазалшо русура иаԥырхагоуп.

Ииасыз амҽышазы Евроеидгыла атәылақәа рҿы, Латвиагьы абрахь иналаҵаны, имҩаԥысит Европарламент ахь алхрақәа. Sputnik Литва алхрақәа хылаԥшра рнаҭон. Алхрақәа реихшьаалақәа рыла аиааира игеит аекономист Гинтас Науседа. Иара изныкымкәа иазгәеиҭахьан Урыстәыла анырра шаҭаху.

Sputnik аусура мҩаԥнагоит ачех, англыз, афранцыз, асерб, апортугал, араб, ахинди, аполиак, аиталиа, анемец, аиспан, акитаи, аҭырқәа, акиргиз, аԥсуа уҳәа абызшәақәа рыла иҟоу аинформациатә хархәагақәа.

Sputnik аҟны иҟоуп еиуеиԥшым аинформациатә контент: аинфографика, авидео, афотодырраҭарақәа, ишиашоу ицо аефирқәа, аинтернет бжьыҭара уҳәа. Заҳаракыра дуу ажәабжьқәа рыда, аԥхьаҩ идгалоуп аналитикатә материалқәа, аиҿцәажәарақәа, аексперттә гәаанагарақәа.

Sputnik – ажәабжьтә маҵзура, арадио, амультимедиатә информациатә хаҭарнакрақәа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иҟоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит асаитқәа, арадио, амобилтә хархәара, асоциалтә саитқәа рҟны адаҟьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0