Аҟәа, Даӷьысҭанаа рымҩа аиҭашьақәыргылара иаҿуп

© SputnikАҟәа, даӷьысҭанаа рымҩа аиҿкаара иаҿуп
Аҟәа, даӷьысҭанаа рымҩа аиҿкаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла абиуџьет аҟынтәи хә-миллионки бжаки мааҭ ақәхарџьхеит Даӷьысҭанаа рымҩа аиҭашьақәыргылара.

АҞӘА, лаҵара 30– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Даӷьысҭанаа рымҩа абитон ақәырҭәара хыркәшахеит. Иахьа инаркны амашьынақәа абри ахырхарҭала ԥынгылада иныҟәалар рылшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардадаҩ Максим Харчлаа.

© SputnikРемонт дороги на улице Дагестанская
Аҟәа, Даӷьысҭанаа рымҩа аиҭашьақәыргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ремонт дороги на улице Дагестанская

"Амҩа акаҭран ықәуҵар аӡышьҭрақәа иҵрыӡәӡәаауан азы абетон ҳаркит. Иқәҵоу абитон аҿыгҳара 25 сантиметра инаӡоит. Иҟоуп ҭыԥқәак рҿы 30-40 сантиметра иахьынаӡоугьы", - иҳәеит иара.

Амҩа арӷәӷәаразы аԥхьанатә иҷыдоу акаҭа шьҭарҵеит. Максим Харчлаа иажәақәа рыла ари амҩа 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уаҩ даламкьысыцызт.

Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҟалоит Аҟәа  - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҟалоит Аҟәа

"600 метра амҩа абитон ықәаҳҵеит, иаанхаз 400 метра рҟны (алицеи-интернат ахь инеиуа ахәҭа) ажратә ремонтқәа мҩаԥаагеит", - иҳәеит иара.

Харчлаа иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵаратә усурақәа мызкы иназынаԥшуа ишцоз, амҩа иқәырҵо акаҭа урыстәылантәи ишаагаз.

"25 мшы амҩатә акаҭа аара ҳазыԥшын. Уаанӡа ацемент аагеит, аӡымҩангагақәа аремонт рзаауит. Акаҭа анышьҭаҳҵа ашьҭахь мчыбжьык раҟара ҳагеит амҩа бетонла ахҟьара", - иҳәеит иара.

Атәыла абиуџьет аҟынтәи хә-миллионки бжаки мааҭ ақәхарџьхеит Даӷьысҭанаа рымҩа аиҭашьақәыргылара.

"Аԥхьаз иазыԥхьагәаҭан аинтернат аҟынӡа амҩа абитон ақәырҭәара аха аҳәынҭқарра иацәыхьанҭахеит. Еиҳа иуадаҩыз ахәҭа шьаҭанкыла иҟаҳҵеит", - иҳәоит Харчлаа.

Амҩа аҭбаара 5 метрак иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

© SputnikРемонт дороги на улице Дагестанская
Аҟәа, Даӷьысҭанаа рымҩа аиҭашьақәыргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ремонт дороги на улице Дагестанская
Ажәабжьқәа зегьы
0