Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ркомандақәа еиндаҭлараны иҟоуп

© Foto / Con Chronis ConIFA
 ConIFA - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ркомандақәа рыбжьара ишиашоу ицо аефир ала ахәмарра ахәаԥшра алшоит иахьа, Sputnik Аԥсны асаит аҿы асааҭ 17:00 рзы.

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыԥ "А" иалахәу Аԥснытәи акоманда Европа ачемпионат ConIFA-2019 аҿы ачемпионат аԥшәмацәа Ашьха Ҟарабах акоманда ирыцыхәмарраны иҟоуп Мартуни ақалақь аҿы иахьа, рашәара 4 рзы.

Сборная Абхазии по футболу после матча со сборной Чамерии на ConIFA - Sputnik Аҧсны
Еиҭахарада: ConIFA-2019 раԥхьатәи амшқәа рылҵшәақәа

Агәыԥ аҿы актәи аҭыԥ ныркыларц азы еиҭахарыла ахәмаррагьы рызхоит аԥснытәи акоманда ахәмарыҩцәа. Ашьха Ҟарабах ахәмарыҩцәа ракәзар, актәи аҭыԥ роурц азы хымԥада иааиааироуп.

Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟны рашәара 3 имҩаԥысит аҩбатәи ахәмарратә мшы. Абри аҽны Аԥсны акоманда атурнир аҿы аҩбатәи аиааира агеит.

Аԥсны акоманда Сапми (Лапландиа) акоманда ианацыхәмаруаз х-кәаталак аманы иҟан (Аԥсны - Чамериа 3:1 – аред.). Аԥснытәи акоманда аԥыжәара аиуан плеи-офф астадиахь изнеир, иара убри аамҭазы ицоз ахәмарраҿы (Ашьха Ҟарабах- Чамериа) аҿы х-очкок змаз Ашьха Ҟарабах акоманда аиааир.

Аха, Чамериа 3:1 ҳәа ииааиит. Аԥснытәи акомандагь 1:0 ҳәа ииааиит. Ҩ-хәмаррак рышьҭахь ҳкоманда аочкоқәа фба амоуп. Ашьха Ҟарабахи Чамериеи хԥа-хԥа кәатала рымоуп, Сапми макьаназ кәаталакгьы амам.

Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит

Агәыԥ "В" аҿы ихәмаруаз Паданиа 2:1 ҳәа Аахыҵ Уаԥстәыла иаиааиит. Мраҭашәаратәи Ермантәыла 5:0 ҳәа Сикеитәи атәылаҿацә иаиааиит.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рассоциациа ConIFA, шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0