Аԥсны Апрокуратура хада: аҳақьымцәа Аслан Бжьаниа ашҳам иҭамызт рҳәоит

© SputnikАԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хада Апарламент аҿаԥхьа аҳасабырба ҟанаҵеит Аслан Бжьаниеи ихьчаҩцәеи рганахьала имҩаԥнагаз аусҭҵааразы.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Буианов ихьӡ зху Москватәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа Аслан Бжьаниа ашҳам ирымҭаӡеит ҳәа ишьақәдырӷәӷәоит иҳәеит Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа, Апарламент аҟны рашәара 5 рзы аҳасабырба ҟаҵо.

Миунхен занализ ҟаҵаз Аслан Бжьаниа ибиоматериал москватәи ахәышәтәырҭаҿы азхьаԥшра арҭом. Миунхентәи анализқәа рыла Бжьаниа ишьаҿы иаарԥшын: артут, кадми, аллиумини абензодиазепинқәа.

"Аҳақьымцәа ирҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭаҿ даннарга адырҩаҽныҵәҟьа ишымҩаԥгаз Миунхен имҩаԥыргаз аҩыза аҭҵаарақәа, аха ишьаҟны акальци ахыԥхьаӡара маҷк ишылаҟәыз ада акгьы шырымбаз. Ихәышәтәрагьы урҭ анализқәа ирышьашәаланы ишымҩаԥыргоз. Германиатәи анализқәа ахәышәтәраан зынӡа азхьаԥшра рыҭам", - иҳәеит Какалиа.

Аслан Бжьаниа ихьчаҩцәа рҭагылазаашьа далацәажәо, иара иҳәеит аҳақьымцәа ражәақәа рыла урҭ фатәлыхуп ирԥырхагахаз ҳәа.

Аԥсны Апарламент  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит

Ешсоу Какалиа иажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа изықәдыргылаз адиагнози ихьчаҩцәа ирзықәдыргылаз адиагнози еиԥшым.

"Бжьаниа ихьчаҩцәа рганахьала аӡбара-медицинатә експертиза алкаақәеи абиологиатә ҿырԥштәқәеи ҳаур, алкаақәа ҟаҳҵоит. Макьаназ аусурақәа цоит", - иҳәоит Какалиа.

Иара иазгәеиҭеит москватәи Буиановтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа Аслан Бжьаниа ичымазара аҭоурых шрырымҭаз, "Аҳақьымтә маӡа" азакәан ҵаҵӷәыс иааганы, аха адиагноз - Гииен-Барре исиндром (аутоиммуннтә ҷалратә чмазара - аред.) апациент иақәшаҳаҭрала ишроуз.

Аҳақьымцәа изларҳәо ала, ари аҩыза ачымазара идырхьыр зылшоз ҿкы чымазара ҳәа ицәа иаланы ирымбеит. Иара убас, уи изырхьшаз адәныҟатәи анырра ҳәа акгьы имам. Ари ачымазара нагӡаны иахьыҭҵаам иахҟьаны, уи изырхьҵәҟьаз макьана еилкаам.

"Сара хаҭала апалатахь снеит, иара ихаҭа иҟынтәи адиагноз арзараз азин згарц. Бжьаниа уи азы азин ҳаиҭеит. Аҳақьымцәа иҭагылазаашьа макьаназ иуадаҩу акәны иахәаԥшуеит", - иҳәоит иара.

Апрокуратура хада ахатәы лкаақәа ҟанаҵарц азы Аслан Бжьаниа ичымазара аҭоурыхи ибиоматериалқәеи амазароуп ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициаа Аслан Бжьаниа ичымазара инамаданы алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ақәгылара мҩаԥыргеит. Апарламент абри иаҿагыланы рыбжьы анырҭи, ҿҳәарадатәи акциа рыларҳәеит.

Апарламент аиҳабы: Анцәа иҳәозар ҳаӡбра зегьы ирзыманшәалахоит>>

Лаҵара 21 ауха аоппозициаа рыдгылаҩцәа Бзыԥҭеи Тамшьи иахьрыҵаркуаз ареспубликатә трасса ааныркылеит.

Мшаԥы 18 рзы аоппозициатә мчқәа раԥхьагыла Аслан Бжьания Москва ахәышәәтырҭақәа руак ахь днаган иаалырҟьаны игәамбзиара иахҟьаны. Склифосовски ихьӡ зху Ацхыраара лас ахәышәтәырҭахь инаган ихьчаҩцәа Кьсоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0