Кындыӷ ақыҭан аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАцхыраара лас амашьына
Ацхыраара лас амашьына - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟоу адыррақәа рыла, автомашьына BMW аԥсҟы зкыз амашьына изнымкылакәа ажрахь ицәҭаҳаит.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан ҩыџьа ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Очамчыра араион амцарцәареиқәырхаратә хәҭа.

"BMW аԥсҟы зкызи апассаџьыри, Дмитрии Демиани Каҷабаақәа, амҩатә машәыр аҟны иҭахеит", - ҳәа рҳәеит АҶА аҿы.

Амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит рашәара 4 асааҭ 16:33 рзы.

Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа амашьына ԥҟаны аԥсцәа ҭыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0