Урыстәыла аҳақьымцәа апротез ззыҟаҵатәу Шьамтәыла ахәыҷқәа ирыхәоит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҭынч уааԥсыра
Аҭынч уааԥсыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьымцәа рмультидисциплинартә гәыԥ иалахәуп: атравматолог-ортопед, ареабилитолог, апротез ҟазҵо аҟазауаа.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа апротез ззыҟаҵатәу ахәыҷқәа гәарҭахьеит, урҭ уажәы Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа рыҟны рҭыԥ дырхиоит. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Альбрехт ихьӡ зху аинвалидцәа рреабилитациазы Афедералтә ҭҵаарадырратә центр адиректор Константин Шьчербина.

Шьчербина иажәақәа рыла, актәи аетап аан аҟазауаа ишьақәдыргылоит дарбанзаалак ацхыраара зҭаху иарбан протезу иқәнагоу.

"Урыстәыла иҟоуп еиуеиԥшым апротез-ортопедтә цхыраара ҟазҵо аусбарҭақәа. Урҭ рхатәы клиникатә база рымоуп. Аха макьаназ доусы ирҭаххо апротезқәа ртәы ҳазҳәом", - иҳәеит иара.

Хомс ақалақь ауниверситет Аль-Баас апсихологиатә факультет астудентка Рахаф Аднан Алид хышықәса раԥхьа лыҩшьапык лцәыӡит аԥжәара иахҟьаны.

"Сызшьапык иаразнакы иамнахит, аҩбатәи еиқәурхар алшон, аха аҳақьымцәа рыгхала 20 мшы рышьҭахь ихҵәатәхеит. Ус шакәызгьы, сҵара касмыжьит. Уажәы сара ауниверситет Аль-Баас ахԥатәи акурс аҿы аҵара сҵоит", - лҳәеит лара.

Идлиб. Шьамтәыла - Sputnik Аҧсны
Ганкахьалатәи амцанкылара: Шьамтәыла ар Идлиб аибашьра ааннакылеит

Аввад Хамуд Аль-Джасим мызқәак раԥхьа амина дахаԥжәеит. Амина иахаԥжәаз иашьцәа ԥшьҩык ҭахеит.

Али Асад изшьапык имам.

"Ҳгәыӷуеит, урыстәылатәи аҳақьымцәа ҳацхраап ҳәа", - иҳәоит аҷкәын иаб Сыба Асад.

Шьамтәылатәи аиҿагылара ахы акит 2011 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* ишаиааиз рылаҳәан. Иахьазы атәыла аполитикатә ҭышәныртәалара ус хаданы ишьоуп.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0