Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман

© Foto / Федерация футбола АбхазииАԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман
Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыбжьара афиналбжаҿтәи ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп рашәара  6 асааҭ 17:30 рзы.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Европа ачемпионат ConIFA-2019 алахәылацәа ажәытә қалақь Шуши иаҭааны иҟан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа.

"Шуши аҭоурых ду змоу қалақьуп. Ҳара аԥхьа Асахьаҭыхратә галереиа ҳаҭааит. Уа ицәыргаз аусумҭақәа даара иаҳгәаԥхеит", - иҳәеит иара.

© Foto / Федерация футболаАԥсуа команда Шуши Асахьаҭыхратә галереиа иаҭааит.
Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа команда Шуши Асахьаҭыхратә галереиа иаҭааит.

Атмосфера ханарҭәаауан дудук (амузыкатә инструмент  – аред.) абжьы.

"Дудук абжьы асахьаҿ иубо уазааигәанатәуеит", – иҳәеит Манаргиа.

Уи ашьҭахь Аԥара амузеи ишаҭааз иҳәеит.

"Аерманцәеи аԥареи синонимқәоуп уҳәар ауеит. Убри ауп уа амузеигьы зрымоу. Абри ашьҭахь аԥсабарахь шьыбжьхьафара ҳаҟан", - еитеиҳәоит Манаргиа.

© Foto / Федерация футбола АбхазииАԥсныәи акоманда Ҟарабах ақалақь ажәытә Шуши иаҭааит.
Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман - Sputnik Аҧсны
Аԥсныәи акоманда Ҟарабах ақалақь ажәытә Шуши иаҭааит.

Акультуратә программа аконцертгьы алан.

"Ари ауснагӡатә далахәын Ашьха Ҟарабах аҳәынҭминистр Араик Арутиуниан. Иара иҳәеит аԥсуа команда ахәмаршьа шидыруа. Уажәтәи рыхәмаррагьы ахә ҳаракны ишьеит", - иҳәоит Алхас Манаргиа.

Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыбжьара афиналбжаҿтәи ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп рашәара  6 асааҭ 17:30 рзы.

© Foto / Федерация футбола АбхазииАԥсныәи акоманда Ҟарабах ақалақь ажәытә Шуши иаҭааит.
Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман - Sputnik Аҧсны
Аԥсныәи акоманда Ҟарабах ақалақь ажәытә Шуши иаҭааит.

"Ҳара ауснагӡатә аҟынтәи зегь раԥхьа ҳақәҵит, ахәмарра аламҭалаз ҳаԥсы ҳшьарц", - еиҭеиҳәоит Алхас Манаргиа.

Ашьапылампылтә  ассоциациа ConIFA шьаҭаркуп рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иаҵанамкуа 40 команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0