Аԥсны анефт аҵхра азҵааразы акомиссиа аусура ацҵаразы Апарламент иаҳәоит

CC0 / / Нефть
Нефть - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы арацәаӡритә аӡа аҵхра азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵан Апарламент аҟны хәажәкыра 20, 2019 шықәсазы.

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны анефт аҵхра азҵаара аҭҵааразы акомиссиа Апарламент ахь ажәалагала нанашьҭраны иҟоуп уи аусура 2019 шықәса ԥхынгәы анҵәамҭаҟынӡа анахаразы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Ҭарба ахәаша, рашәара 7 рзы.

Ҭарба иазгәеиҭеит раԥхьа аҿҳәара лаҵара 20 рҟынӡа анахара мзызс ишаиуз ари азҵаара иаҳа инҭкааны аҭҵаареи иагу адокументациа адгалареи, уажәгьы уи шакәу аҿҳәара анахара зыхҟьо.

"Ари азҵаара хылаԥшра азҭо еиуеиԥшым аусбарҭақәа рахь инаҳашьҭыз азыҳәақәа рышьҭахь ҳазҵаарақәа еиҳагьы ирыцлеит. Ицәырҵит иҵегьы иҭҵаатәыз, урҭ ртәы мызкы иҭагӡаны аилкаара ус имариам. Убри азы ҳара Апарламент ахь аҳәара наҳашьҭит лаҵара 20 рҟынӡа акомиссиа аусура аҿҳәара иацҵазарц", - иҳәеит Ҭарба.

Апарламенттә комиссиа ҩыралатәии аҭак аиуит "РН-Шельф" ахь инарышьҭыз адҵаалара, "АԥсныОил" адиректор испециалистцәа ицны аиԥыларахь днеит. Анефтыҵхратә компаниа анапхгаҩи аусзуҩцәеи акомиссиа ирырҭаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.

Анефт - Sputnik Аҧсны
Аԥсны анефт аҵхра азҵаарақәа рзы апарламенттә комиссиа аусура иацҵоуп

"Ҳара зегь реиҳа азҿлымҳара заҳҭо азҵаарақәа - аекологиатә шәарҭадареи, анефт аҵхра Аԥсназы шәарҭарас иаҵоуи, иара убас ари аҩыза аусура економикатә феидас иаҵоуи роуп. Аиқәшаҳаҭраҟны ишарбоу ала, аекологиатә хҟьаԥҟьақәа рзы аҭакԥхықәра адуп акомпаниа ахаҭа, аха, егьырҭ акомиссиа алахәылацәа реиԥш, саргьы сгәаанагарала, уи азхом", - иҳәеит Ҭарба.

Апарламенттә комиссиа алахәылацәа рацәажәаразы дааԥхьан ԥасатәи Аԥсны аԥыза-министр Леонид Лакербаиа. Иара излареиҳәаз ала, арҭ адокументқәа нап рыҵаҩын ҳҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы.

Асҭамыр Ҭарба иажәақәа рыла, акомиссиа абжьаратә лҵшәақәа аиоухьеит, аха уи ахыркәшара атәы аҳәара макьана изаауп. Ари аус аҭҵаараҟны проблема хадас ирымоу - иақәнагоу анорматив-зинтә шьаҭа аҟамзаароуп. Аҳәаанырцәтәи аконсалтингтәи компаниақәа арыдҵаалара рықәшәаргьы ҟалап. Уи иалнаршоит хәызмоу аҵхтәқәа рзы ашәахтә азыԥҵәақәеи Аԥсны анорматив-зинтә актқәа рахь аиҭакрақәа ралагалареи реиҭахәаԥшра аҭаху иаҭахыму аилкаара.

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа анефт азҵаатәы иазкны>>

Иахьатәи аамҭазы акомиссиа аусура абжак ҟанаҵахьеит уҳәар алшоит, иҳәеит Ҭарба.

Адепутат игәаанагарала, акомиссиа алкаақәа ҟанаҵар ҟалап Аԥсны ахада иалхрақәа рышьҭахь, аполитикатә спекулиациа аҭыԥ амоуп ҳәа ацәажәарақәа ҟамларц.

Аԥсны иахьаҵанакуа арацәаӡритә аӡа аҵхра азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵан Апарламент аҿы хәажәкыра 20, 2019 шықәсазы.

Уи иалалеит Жәлар Реизара адепутатцәа 12-ҩык, хантәаҩыс дарҭеит уи азҵаара зусхәаԥштә иалоу Апарламент аилак анапхгаҩы адепутат Асҭамыр Ҭарба.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, ари акомиссиа аусура хнаркәшар акәын уи азы ақәҵара анрыдыркыла амш инаркны мызкы иҭагӡаны.

Аԥсны аиҳабыра лаҵарамза 2014 шықәсазы аилахәыра "АԥсныОил" Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәеи Аԥсны Амшын еиқәа аԥшаҳәа мрагыларатәи ахәҭаҟни арацәаӡриқәа ргеологиатә ҭҵаареи, рыԥшаареи, рыҵхреи рзы азин арҭеит. 2018 шықәса хәажәкырамзазы "АԥсныОил" ари аиқәшаҳаҭра аусура иацырҵеит, избанзар уа иарбаз аҿҳәарақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭаны ирымаз ауснагӡатәқәа ирхьымӡаӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0