Стенин ихьӡ зху аицлабра афиналистцәа рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАндреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра
Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз, Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп, афиналистцәа рыхьӡқәа ӡыргоуп. 2019 шықәса рзы афотоҭыхцәа русумҭақәа иртема хадахеит аглобалтә социалтә ҭагылазаашьақәа.

АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра ажиури иалыркааит 6000 рҟынӡа усумҭа. 2019 шықәса рзы еиндаҭлон 80 тәыла рҟынтәи афотопрофессионалцәа.

Стенин ихьӡ зху аконкурс алауреатцәа русумҭақәа Буенос-Аирес ицәыргақәҵан>>

2019 шықәса рзы иаиааиз рахь иаҵанакит 17 тәыла рҟазауаа: Урыстәыла, Франциа, Филиппинқәа, Германиа, Индиа, Италиа, ЕАА, Иран, Мексика, Ҭырқәтәыла, Аладаафрикатәи ареспублика, Бангладеш, Гонконг, Португалиа, Испаниа, Белоруссиа, Мысра рҟынтәи. Афинал ахь инеиз иреиуоуп Урыстәыла, Иран, Индиа рфотоҭыхыҩцәа.

Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара акуратор, МИА "Россия сегодня" апроектқәа рнапхгаҩы Оксана Олеиник иазгәалҭеит: "Иахьатәи амш ҳара ҳзы акрызҵазкуа мшны иҟоуп. Есышықәса, ҭагалан алагамҭаз ҳара даҳгәалаҳаршәоит ҳҩыза, афотокорреспондент, аредакциа ахьӡала Украина аҭыхрақәа рымҩаԥгараан иршьыз Андреи Стенин. Андреи игәалашәаразы ихьӡ ахьӡаҳҵеит афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рыбжьара имҩаԥааго аицлабрагьы. Иахьа Стенин ихьӡ иаҵагыланы афотожурналистикахь зшьаҿа еихызгаз аҿар адунеи иадырдыруеит ргәы иҵхо, измырҭынчуа. Афотосахьа акәзар, иинтернационалтәуп. Зегьы еицеилыркаауа абызшәала ицәажәоит", - ҳәа.

Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабра ажиури ахантәаҩы, британиатәи "Нью-Йорк Таймс" (The New York Times) афотоҭыхыҩ Џьеимс Хилл иҳәеит: "Аусумҭақәа рхаҭабзиара ҳаракуп. Иуадаҩуп еиӷьу ралхра. Аноминациақәа рҿы аусумҭақәа зегьы рхатәы хаҿы рыман. Ҳаилацәажәарақәа, ҳалкаарақәа агәахәа ду сырҭон. Аусумҭақәа рхаҭабзиара уахәаԥшны иуҳәозар, ҳазлацәажәашаз ыҟан", - ҳәа.

Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара арекордтә рзаҳалқәа азынашьҭуп - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара арекордтә рзаҳалқәа азынашьҭуп

Гран-при заузи аноминациақәа рҟны иаиааизи рыхьӡ ӡыргахоит цәыббрамзазы, Москва.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху Афотожурналистиказы Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Ари аицлабраҟны жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьӡ ҿыцқәа аадырԥшуеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны астандартқәа шьақәдыргылоит, идырҿиоит.

Андреи Стенин ихьӡ зху Афотожурналистиказы Жәларбжьаратәи аицлабра мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. 2019 шықәсазы аицлабра аинформациатә партниор хаданы иҟоуп урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабжьтә портал Вести.Ru.

Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит>>

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik.

Ажәабжьқәа зегьы
0