Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа азал маҷ ароиаль аиуит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаРояль фирмы "Petrof" который был выпущен в Чехословакии
Рояль фирмы Petrof который был выпущен в Чехословакии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афирма "Petrof" иатәу ароиаль ҭыжьын Чехословакиа 1990 шықәса рзы. Аҩада Ешыра аҭаацәа ирызгылан.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа азал маҷ азы ароиаль аахәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афилармониа адиректор Руслан Ҳаџьымба.

"Ҳзал маҷ азы ихымԥадатәины иҟан ароиаль, рацәак идум, иара ианаалаша. Акраамҭа ҳашьҭан. Уажәы иҳаԥшааит. Афирма "Petrof" иатәу ароиаль ҭыжьын Чехословакиа 1990 шықәса рзы. Иара зынӡа иҿыцушәоуп ишыҟоу аҭагылазаашьа", - иҳәеит иара.

Ароиаль "Petrof" афилармониа ахатә ԥарала иаанахәеит.

"Ароиаль ахә аӡбахә ансаҳа, сагьгәырӷьеит, иагьџьасшьеит. 150 нызқь мааҭ ҳәа ари аҩыза аинструмент аиура насыԥуп. Ароиаль аҭагылазаашьа шьахәуп, аиқәыршәаҩ даҭахуп ауп", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Ароиаль аиԥш иазыԥхьагәаҭоуп аҟәардәқәа раахәара. Азал маҷ шәҩык рҟынӡа ауаа акуеит.

Ароиаль ҿыц алархәны азал маҷ аҿы раԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит рашәара 29 асааҭ 17:00 рзы. Аконцерт иалахәхоит жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә кансерваториаҿ иҟоу амузыкатә школ арҵаҩы Виктор Абрамиан-Ешба, Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр.

Аконцерт апрограммаҿ иҟоуп Вивальди, Марчелло, Бах, Бизе, Пуччини рырҿиамҭақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0