Ҳаади Лакрба: cхәыҷаахыс гәынхәҵысҭала еснагь Аԥсны сыҟан

© SputnikҲаади Лакрба
Ҳаади Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи нхара ҳәа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ Ҳаади Лакрба иҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәылантәи жәашықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа гәҭакыс иҟаҵаны иааз Ҳаади Лакрба, ҳаиҿцәажәараҟны иазгәеиҭеит иара дхәыҷаахыс гәаныла Аԥсны дшыҟаз, даныҩеидас зыӡбахә лассы-лассы иаҳауаз аԥсадгьыл ахь аара шиҭахыз, гәҭакысгьы ишимаз.

Хасан Бутба - Sputnik Аҧсны
Ҳасан Быҭəба: насыԥ сымоуп сгəылацəа аԥсыуак дҳаванхоит ҳəа ахьысзырҳəо

Иара, иахьа иабдуцәа рџьынџь дгьыл аҿы дынхозар, уи зыбзоуроу еиҳабацәа роуп. Ара дахьааиз инасыԥ ицныҟәеит, хара имгакәа аҭаацәара аԥиҵеит. Иазгәасҭарц сҭахуп, иԥшәмаԥҳәыс лашьа Иауз Кәаӡба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дшалахәыз, иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ишихьчаз, Ҭырқәтәылантәи иаақәаз ҳашьцәа дышреиуоу, насгьы иахьа дшынхоу Аԥсны.

"Сара схәыҷра ашықәсқәа раахижьҭеи схәыцрақәа Аԥсны иадҳәалан, гәаныла ара сыҟан. Избанзар, ҳабдуцәа Аԥсны аӡбахә ианалацәажәоз рааигәа сыҟан есымша. Излацәажәоз еиҳарак Ҭырқәтәылаҟа рцара шыҟалаз акәын. Ирҳәоз ахшыҩҵак нагӡаны исзеилмыргаргьы, еилыскаауан акы ишаргәаҭеиуаз, хьаас ирымаз, ргәы иҵхоз шыҟаз", - иҳәеит Ҳаади Лакрба.

Ҳаади Лакрба иабдуцәа Аԥснынтә ахҵәара ианақәшәа, Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь иадҳәалоу Нарча ақыҭаҿы инхон. Нарча ихьӡзаарын Ҳаади иабду иаб. Ҳаади акыр дазҿлымҳауп аҭоурых. Аԥсны дахьааизгьы аиҳабацәа дразҵаауеит, иашьцәа ижәлантәқәа рбара дазҿлымҳауп.

Ҭалиаҭ Аҭрышба: апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи

"Саб Наазми ихьӡуп, уи иаб Џьамал ихьӡын, Џьамал иаб Нарча ихьӡын. Аԥснынтә ихҵәаз Нарча иоуп, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа дҭыҵит. Сара сгәанаала амҳаџьырра иаанагоу, хатәгәаԥхарала изҭахны ицақәаз роуп, арҭ мчымхарыла рыԥсадгьыл ааныжьра рықәшәеит ҳәа ауп схаҿы ишааиуа. Аӡәыр иҭахума иҩны, игәара, иуа-иҭахы, иԥсадгьыл ныжьны атәым дгьыл ахь ацара?", - абас ихәыцрақәа ҳацеиҩишон Ҳаади Лакрба.

Қьамиль Аҭрышба Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны - Sputnik Аҧсны
Қьамиль Аҭрышба: ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп

Ҭырқәтәыла инхо Лакраа рхыԥхьаӡара рацәаҩымзаргьы, иҟоуп иахьынхо ақалақьқәеи ақыҭақәеи. Иаҳҳәозар, Бедыл иаҵанакуа Кадырбеи ҳәа ззырҳәоз ақыҭаҿы, Каиалар инхозгьы ыҟан, аха уажә уаҩ дынхом ҭӡык ада.

"Ҟәланырхәантә иҭыҵны ҳқыҭаҿы иҳацынхон Осиаа, Аргәынаа, Чкокаа. Иҟоуп даҽа ҭыԥқәак рҟынтәи инеиқәаз аҭынхацәа, егьырҭ ажәлантәқәа. Жьиаа ыҟоуп, Аԥснаҟәаа зыжәлоу ҭӡык ыҟоуп, иара убас Ҟәыруаа даҽаџьарантә иаақәаз ыҟоуп". - иҳәеит Ҳаади Лакрба.

Ҳаади Лакрба, даныҩеидас инаркны иаҳауаз аԥсуа бызшәа акәын. Иахьа, Анцәа иџьшьаны, аҷҷаҳәа аԥсшәа цқьа иҳәоит, абызшәа аганахь ԥынгыла ҳамамкәагьы ҳаицәажәоит.

"Сара сан Уанаҿаԥҳауп, Реиҳан лыхьӡуп, Ҭырқәтәыла дара ахьынхоз ақыҭа Аӡыхь ахьӡын, Уанаҿаа ирқыҭаны иԥхьаӡоуп, уа еиҳа ирацәоуп. Сан лан д-Арӡынԥҳан, Қьефсер лыхьӡын, Ефҭениа деиуан. Саб иан Ашәхәаҵааԥҳан, Магбулиа лыхьӡын. Саб иан, саб дышхәыҷыз дыԥсит, сегьылхааным. Сабду нас Жьиԥҳак дааигеит. Ибзианы исгәалашәоит дара Аԥсны аӡбахә шырҿыҵакыз", - ҳәа азгәеиҭоит Лакрба.

Ҳаади Лакрба, дхәыҷаахыс Сҭампыл еиҿкаау аԥсуаа рхеидкылахь дныҟәон, уа акәашаратә ансамбль далан. Иазгәеиҭоит, ансамбль иалаз арԥарцәа рахьтә, Аԥсны аибашьра ианалага, шамахамзар зегьы арахь ишааз.

Саим Аҩӡба: ҳбызшәа абеиара - ҳара ҳмал ауп

"Акәашара-ари культуроуп, алеишәа, ақьабз, аҵас аныԥшуеит. Ишәымбои, аибашьра ианалага акәашара иалахәыз аҷкәынцәа зегьы арахь ишааз. Акультура иамоу адоуҳамч ӷәӷәоуп, ухдырра арҿыхоит, уԥсадгьы уазхьанарԥшуеит, умилаҭтә хдырра аиқәырхаразы иунарҵо рацәоуп", - ҳәа дазхәыцуеит Ҳаади Лакрба.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит раԥсуара, изланхо атәым милаҭ ирыламӡырц азы аиқәырхара, аныҟәгара иашьҭоуп. Раԥсуа бызшәа аҭаагылазаашьа акәзар, ашәара рызцәырнагоит, еизҳауа абиԥарақәа аԥсыӡ еиԥш инарымпыҵҵәраа ицар рҭахым.

"Сара ақыҭаҿы санынхоз аԥсуа бызшәа ада акагьы сыздыруамызт, сызлацәажәоз схатәы бызшәала акәын. Сара сқыҭахь сасык дааир, иныҟәызго алеишәа, аҵас пату ақәыиҵар сҭахуп, иныҟәигар сҭахуп. Ҳбызшәа анаҳцәыӡ ҳақәӡааит, милаҭк аҳасабала ҳзеиқәхаӡом. Аԥсуара иаҵанакуа рацәоуп, уи ус ажәала иуызҳәом, иныҟәугароуп", - иҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Ҳаади Лакрба, иусура аганахь ала адунеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьеит, аԥсҭазаара бзианы еиликаауеит. Аха, Аԥсынтәыла аԥшӡареи, аԥсуааи иреиӷьу уаҩ димбеит. Ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус акәзар, ихатә знеишьа имоуп.

Еқрем Хышба - Sputnik Аҧсны
Еқрем Хышба: аԥсшәа сҳәозар, изџьысшьо сандуцәа роуп

"Зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарратә система аҭатәуп. Нхара иааз ауаҩы ихы ныҟәигартә еиԥш аҭагылазаашьа имазароуп. Ихы изныҟәымгакәа шьҭахьҟа даныхынҳә, иаарц зыгәҭаку ауаҩы диԥырхагахар алшоит, ашәара изцәырҵуеит. Аха, урҭқәа ҳгәы кармыжьроуп, зегь раԥхьа иҳаргылароуп ҳ-Аԥсны, уи абзиабара иунамырҟаҵо егьыҟам. Арҿыцрақәа алагалатәуп, аха убри аан ҳжәытәра ашьаҭақәа мырӡкәа", - иҳәеит Ҳаади Лакрба.

Ҳаади Лакрба, Аԥсны ихы дахашшаауа дыҟам, аргылара аганахь ала аус иуеит, иҭаацәеи иареи рхы ныҟәыргартә иҟоуп.

Иҭахуп аԥсуа жәлар машәыр рықәымкәа наунагӡа рыԥсадгьыл аҿы инхарц-инҵырц, аԥсҭазаара ганрацәала иазнеирц, досу инапы злаку аус ламысцқьала инаигӡарц, аҿар аҵара-дырра бзиа рымазарц, рԥышәа еиздырҳарц, зегь раԥхьа иргыланы Аԥсынтәыла аԥсуа бызшәа абжьы еихсыӷьра ақәымкәа иқәыҩларц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0