Ҳасан Быҭəба: насыԥ сымоуп сгəылацəа аԥсыуак дҳаванхоит ҳəа ахьысзырҳəо

© Foto / Сырма АшубаХасан Бутба
Хасан Бутба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
15 шықəса раҧхьа зҭоурыхтə ҧсадгьыл лабҿаба избаз Ҳасан Быҭəба, иахьа ихы-игəы дақəгəырҕьо дынхоит иабдуцəа рџьынџь дгьыл аҿы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абшьҭра

Сара, Ҭырқəтəыла, Диузџьа ақалақь, Ефҭениа ақыҭа сеиуоуп. Сара сабду Аҧсны, Ҵабал иҭыҵны ицаз ҭаацəак дреиуоуп, Иусуф ихьӡын, санду, саб иан Храҿҧҳан. Раҧхьа Болгариа иагеит ҳəа ауп ишахдыруа, ус рҳəоны саҳахьан сеиҳабацəа.  Уантəи Ҭырқəтəылаҟа ихынҳəны иааит, ҧшьҩы аишьцəа ыҟан, рызегьы хаз-хазы ақыҭақəа рахь ицеит. Сабгьы, Аҧснынтə ихҵəаны инеиқəаз ирааӡаз иоуп. Саб аҧсышəала Мыҷа ихьӡын, ҭырқəшəала Неџьыҧ ихьӡын. Ақыҭаҿы ҭырқəшəала ихьӡ уҳəар дегьрыздыруамызт, ус ашəҟəаҿы ианын акəымзар, иара иаҧсуа хьӡыла акəын дшырдыруаз.

Аҭрышба Ҭалиаҭ  - Sputnik Аҧсны
Ҭалиаҭ Аҭрышба: апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи

Ефҭениа

Ефҭениа ақыҭа, Ҭырқəтəыла иҟоу қыҭа дууп. Аҧснынтə ихҵəаны инеиқəаз ишьақəдыргылаз қыҭоуп, Ашəаа роуп зыхьӡгьы адҳəалоу. Анаҩс, егьырҭ аҧсуа жəлақəагьы анхара иалагеит. Иаҳҳəозар, иахьа ари ақыҭаҿы инхоит: Кəаӡаа, Аӡынаа, Аигбақəа, Жьиаа, Ҳаразиаа, Хышаа уҳəа ирацəаҩуп  иуҧыло аҧсуа жəлақəа. Ақыҭаҿы инхо рызегьы рыцəгьа-рыбзиа еилоуп, аидгылара рымоуп. Хыҧхьаӡарала иаҳгозар, ҳара ҳахьынхо аҳаблаҿы 200 ҭӡы инарзынаҧшуеит инхо, иааидкыланы ақыҭа зегьы аҟны зқьы ҭаацəара инареиҳауп инхо. Ажəытан атəым милаҭ зынӡагьы иҳаланхаӡомызт, уажəы имаҷзаргьы иҟоуп.  Ирацəаҩуп ақалақьқəа рахь ицақəаз, рыҩнқəа ҭацəны игылоуп. Аҧхынра аамҭазы иаалоит ҧсшьара. Аҧсыуак ихы шныҟəиго еиҧш рхы ныҟəыргоит Ефҭениа инхо аҧсуаа. Ажəытəан адгьыл иқəаарыхуан, ауҭраҭых ҟарҵон, арахə рааӡон. Урҭқəа уажəы еиҳа имаҷхеит.

Аҧсуара

Сара сан даҭырқəа ҭыҧҳан, аха сара схатəы бызшəа аҵараҿы уи зынӡагьы исҧырхагамхаӡеит, схəыҷаахыс исаҳауаз аҧсуа бызшəа акəын, ақыҭаҿы уи аҳра ауан еснагь. Иааидгылоз зегьы аҧсышəала аҧсшəа еибырҳəон, аҧсышəала еицəажəон. Аҭырқəшəа ашьҭыбжь зынӡагьы иуаҳаӡомызт, егьҳаздыруамызт. Аҧсуара бзиа иаҳбон, аныҟəгарагьы ҳашьҭан. Зегь раҧхьа иргыланы ҳаҧхашьон. Ауаҩы даныҧхашьа иламысгьы ыҟоуп, иаҧсуарагьы уи гəыцəс иамазаауеит.  Ҳаиҳабацəа аҧсыуак ҭырқəшəала дцəажəо анраҳалак: "абни дзааӡаз аҭаацəа", - рҳəон ргəы ҧжəаны, ицəажəоз ахəыҷы акагь иарҳəомызт, уи дзааӡаз ахара идырҵон.

Қьамиль Аҭрышба: ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп

Ахныҟəгара

Сара сандуцəеи сабдуцəеи сырхаанӡам, аха уи азы саҧсшəеи саҧсуареи иагсмыжьит иахьынӡасылшо ала.  Аҭаца мҳара ҳəа ҳаман, ачарақəа рҿы иныҟəыргон. Аҭаца маӡала дааганы даҽаџьара ддыртəон, мызки, мызки бжаки убра  аҭацамҳараҿы дыҟан. Убри аҧсуа иитəыз аҧсуа школ еиҧш иҟан, ус иҳаҧхьаӡон.  Ҳаҧсуара, ҳабызшəа убра акəын иахьаҳҵоз. Избанзар, ажəа ахы ахьцоз, иахьаауаз, ирҳəоз ахшыҩҵак зеиҧшраз убра иаҳныруан, иҳаҳауан, еилаҳкаауан. Убри анаҳцəыӡ, ҳаҧсуарагьы ҳцəыӡуа иалагеит.  Ҳара ҳаҧсуара аазгаз, иҳамаздаз ҳабацəа роуп. Иахьа, аҿар маҷк ирцəыуадаҩхашəа збоит уи ахаҵгылара.  Аҧсуара анныҟəаҳга, ҳаргьы ҳныҟəнагоит.  Аиҳабы иажəа аиҵбы изы изакəанын. Уи шаҟа ахаара, агьама амоузеи?! Аамҭа ҳацныҟəаргьы, ҳамжьароуп.

Еқрем Хышба - Sputnik Аҧсны
Еқрем Хышба: аԥсшәа сҳәозар, изџьысшьо сандуцәа роуп

Мысҭафа Быҭəба

Мысҭафа Быҭəба, Ҭырқəтəыла инхоз, аҵара ду змаз аҧсыуа хаҵан, дырҵаҩ дуун. Ҳабдуцəа еишьцəоуп. Ҭырқəтəыла аҳəынҭқарреи, Нхыҵ-кавказтəи ареспубликақəеи, Аҧсынтəылеи уҳəа ирыдҳəалаз аҭҵаара-дырратə усурақəа мҩаҧигон. Ҭырқəтəыла аганахь алагьы иҭыҧ бзиан, даара иналукаашаз уаҩын.  Излаздыруа ала, ахшара имаӡам, убас еиҧш иқəӡааит иҵыхəтəа. Даара ахшыҩ змаз, инагаз аҧсыуан.

Аҧсадгьыл ахь

Ҳара ҳҳəыҷра аамҭазы, ҳаиҳабацəагьы ҳаргьы Аҧсны даҽакала иҳаҧхьаӡон.  Рауф Быҭəба ҳəа иҟаз иӡбахə сҳəар сҭахуп. Ҳкыҭахь дцон даауан, даара Аҧсны аӡбахə иҳəалон,  анаҩс ҳаргьы ҳахшыҩ аҿы еиҳа аҭыҧ аанахəо иалагеит. Сара раҧхьаӡа акəны Аҧсныҟа сааит 15 шықəса раҧхьа еимдара ҳəа.  Егры инаркны Ԥсоунӡа сеимдеит, ақыҭақəа зегьы срылсны избеит. Даара сгəаҵанӡа инеит, аиаша шəасҳəап, избаз-исаҳаз зегьы. Усгьы сҳəеит: "Аҧсныҟа наӡаӡа  нхара саауеит"-ҳəа.  Сыгəҭакы наӡеит, 12 шықəса раҧхьа исҳəаз насыгӡеит, сыҧсадгьыл ахь нхара сааит. Арепатриациазы аминистрра абзоурала, аҳəынҭқарра иҟанаҵаз ахаҵгыларала Маҷара исырҭаз ауадақəа рҟны сынхоит. Насыҧс исымазаарын сџьынџь  дгьыл ақəынхара. Сара ақыҭанхамҩа иадҳəалоу аусқəа бзиа избоит. Арахəааӡара нап асыркырц сҭахуп. Аҧсны иааумрыхуа, иззымҳауа ҵиаак ыҟаӡам, аҳауа бзиоуп. Аҧсны аҧшӡара, аҧсабара  аҩыза  адунеи аҿы егьа уеимдаргьы иуҧылаӡом. Уи ҳара ҳаиҷаҳаны ҳазнеироуп.

Еркәыт Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Еркәыт Аӡынба: уԥсадгьыл бзиа иануба, уагәыднаҳәҳәалоит

Аимадара

Аҳəаанырцəынтəи Аҧсныҟа аара зҭахқəоу маҷӡам, ирацəаҩуп. Аха, ара ахныҟəгара уадаҩуп.  Ахныҟəгаразы аусура умазароуп, аусура умамзар даара иуадаҩуп анхара. Сара тəанчара сыҟоуп, атəанчахəы соуеит, убри азы сара ара схы ныҟəызгоит. Аха, аҿар усурҭа ҭыҧла еиқəыршəатəуп, мамзар аус ҧхьаҟа изцаӡом. Аҧсынтəыла иахҭнагахьоу рацəоуп, акыр агəаҟра иалагылахьеит, урҭқəа зегьы маҷ-маҷ иалҵны аҿиара амҩа иануп, иҵегьы еизҳароуп. Аҧсны абара зегьы ирҭахуп, убас еиҧш анхаразгьы агəаҳəара роуроуп амшын-нырцə инхо ҳџьынџьуаа. Аҧара  уманы уааиргьы, иудыруа аус анузыҟамҵа, уигьы гəаҟра усуп. Унапы злаукуа аус удыруазароуп, уныҟəнагароуп.

Аҧеиҧш

Аҧсны аҧсуа итəылоуп. Ҳаҧсадгьыл пату ақəаҳҵароуп. Уара ухы пату анузақəымҵа, даҽаӡəгьы пату уқəиҵом. Ҳгəы-ҳаҧсы иҭнымҵəароуп ҳаҧсуареи ҳбызшəеи. Насыҧ сымоуп аҧсуаа сашьцəа сахьрыланхо, ҳааигəа аҧсыуак дынхоит хəа ахьысзырҳəо сгəылацəа. Аҭоурых ҕəҕəа змоу жəларуп аҧсуаа, ҳбызшəа ссир ахьхьахəа иқəыҩлааит Аҧсынра.  Ҳзықəгəыҕуа аҿар бзиа ҳамоуп, рҧеиҧш лашазааит. Ҳаҧсуа қыҭақəа рлакҭа ччоит еснагь, аҧсуара иагəеисырҭоуп.

Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0