Литватәи адепутатцәа Sputnik иаҿагылоуп

© Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВильниус. Литва.
Вильниус. Литва. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адепутатцәа ааԥхьара ҟарҵеит Ажурналистцәа ретика аинспекциа амаҵзурахьы, Аимадара ахылаԥшразы амаҵзурахьы, Ателерадиохәаԥшразы акомиссиахь.

АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Апартиа "Союз Отечества — Христианские демократы Литвы" адепутатцәа Лауринас Касчиунаси Аудрониус Ажубалиси Sputnik Литва асаит ахархәара мап ацәкызааит ҳәа иқәгылеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Амаҵзура иакьыԥхьуа аматериалқәа литватәи аполитика ишыҟаҵәҟьоу акәымкәа иаанарԥшуеит ҳәа рҳәоит адепутатцәа.

"Ҳҳәынҭқарра атәылауаа ринформациатә шәарҭадараз имҩаԥнаго аусқәа зегьы лыҵшәадахоит аинтернет аҵакыраҿы АИХ русура ҳазхьамԥшуа ҳалагар", - иҳәеит адепутат Ажубалис.

МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рдиректор хада Маргарита Симониан ахҳәаа алҭеит литватәи адепутатцәа ражәалагала.

"Иҟаҳҵаша ҳәагьы ак узҳәом. Урыстәылагьы литватәи асаитқәа раркра ҳалагарыма?" - лҳәоит лара.

Марат Касем - Sputnik Аҧсны
Sputnik Литва ашеф-редактор Марат Касем Вильниус аҳаиртә баӷәазаҿы даанкылан

Балтикатәи амчрақәа изныкымкәа урыстәылатәи АИХ русура иаԥырхагахахьеит. Уи азгәарҭахьан урыстәылатәи аминистррақәа рҿы.

"Вильниус, Рига, Таллин адемократиа апринципқәеи ажәа ахақәиҭреи ирыдгылошәа ирҳәо зегь шымцу аадырԥшуеит апрактикаҿы", - ҳәа азгәарҭоит дара.

Sputnik аусура ханарҭәаауеит англыз, афранцыз, асерб, апортугал, араб, хинди, аполиак, аиталиа, анемец, аиспан, акитаи, аҭырқәа, акиргиз, аԥсуа бызшәақәа рыла иҟоу аинформациатә хархәагақәа.

Sputnik аҟны иҟоуп еиуеиԥшым аинформациатә контент: аинфографика, авидео, афотодырраҭарақәа, ишиашоу ицо аефирқәа, аинтернет бжьыҭара уҳәа. Заҳаракыра дуу ажәабжьқәа рыда, аԥхьаҩ идгалоуп аналитикатә материалқәа, аиҿцәажәарақәа, аексперттә гәаанагарақәа.

Sputnik – ажәабжьтә агентра, арадио, амультимедиатә информациатә хаҭарнакрақәа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иҟоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит асаитқәа, арадио, амобилтә хархәара, асоциалтә саитқәа рҟны адаҟьақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0