Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин ахәаша, рашәара 21 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәылантәи Қырҭтәылаҟа аҳаиртә еимадарақәа алдмыршаларц ԥхынгәы 8 инаркны.
Кәакәасқьыр: Қырҭтәылаҟа ицараны иҟаз аԥсшьаҩцәа рыбжеиҵыра ҳзаар, ҳусқәа бзиахоит
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҳаҳауа ажәабжьқәа урыхәаԥшыр, хымԥада, Қырҭҭәылаҟа ицар зҭахыз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәаҩын - ҩ-миллионҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи абжеиҵыра акәзаргьы Аԥсныҟа рхы дырхар, ҳтуризм даара иазбзиахон", - ҳәа азгәеиҭеит Кәакәасқьыр.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.