Польша америкатәи асолдаҭцәа разыҟаҵаратә центр дыргылоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Польша иахьаҵанакуа игылоуп ԥышьнызқьи бжаки рҟынӡа ЕАА аррамаҵзурауаа.

АҞӘА, ԥхынгәы 1– Sputnik. Польша аҩадатәи ахәҭаҿы аргылара иаҿуп америкатәи асолдаҭцәа рҽахьазыҟарҵаша Ацентр ҳәа еиҭеиҳәеит ареспублика амилаҭтә тәылахьчара аминистр Мариуш Блашьчак. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аминистр иажәақәа рыла Дравско-Поморском иргылахараны иҟоу Ацентр аганахь ала аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩхоит 2019 шықәса ахԥатәи аквартал азы.

"Ацентр аиҳарак америкатәи асолдаҭцәа разыҟаҵароуп иззырхо. Дара уажәшьҭа уи азы Германиаҟа ацара рықәшәом", - иҳәеит Блашьчак.

Уаанӡа Еиду аштатқәеи Польшеи еилацәажәахьан дара рҵакырадгьыл аҿы америкатәи аԥшыхәратә ҳаирпланқәа MQ-9 рыҟазааразы.

Польша ахахьы иагоит иахәҭаны иҟоу аинфраструктура азырхиара. Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла атәылаҿ ар ф-ҭыԥк рҿы идыргылоит, аиҳаракгьы атәыла мрагыларатәи аҳәааҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0