Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Жансеҭ Казанԥҳа: сыԥсы ҭанаҵы гəык-ԥсыкала Аԥсныи Шьамтәылеи рымаҵ зулоит

© Foto / Сырма АшубаЖансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба
Жансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны дааны дыҟоуп зыдунеи зыҧсаххьоу ҳџьынџьуаҩ-аинрал Уалид Маршьан иҧшəмаҧҳəыс Жансеҭ Казанҧҳа. Лара Шьамтəылатəи Арабтə Республика апарламент адепутатс дыҟоуп, иара убас Шьамтəыла аибашьраҿы иҭахаз ргəалашəара аҳаҭыр азы иаҧҵоу Агəыҳалалратə фонд напхгара алҭоит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Зыдунеи зыҧсаххьоу ҳџьынџьуаҩ-аинрал Уалид Маршьан иҧшəмаҧҳəыс Жансеҭ Казанԥҳа иахьа, дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

© Foto / Сырма АшубаЖансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба
Жансеҭ Казанԥҳа: сыԥсы ҭанаҵы гəык-ԥсыкала Аԥсныи Шьамтәылеи рымаҵ зулоит - Sputnik Аҧсны
Жансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба

Жансеҭ Казанҧҳаи Уалид Маршьани ҧшьҩык ахшара рааӡеит, хҩык аҧацəеи, ҧҳаки, ирызҳауеит рмаҭацəа. Рыцҳарас иҟалаз рҧацəа руаӡəк машəырла иҧсҭазаара далҵхьеит, аҩбатəи рҧа Шьамтəыла ицоз аибашьраҿы дҭахеит, ирзынхаз ахҧатəи рҧа, Шьамтəыла Аҳəынҭқарра имҩаҧнаго аполитика дадгылоуп, уи амаҵ азиуеит. Жансеҭ Казанҧҳа, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҧхьа Аҧсныҟа даахьан, лыуаажəлар дрылыгылахьан, иҭылҵаахьан лтəыла аҭоурых. Усҟантəи аамҭақəа лгəаларшəо, Жансеҭ Казанҧҳа илҳəеит:

Уалид Маршан - Sputnik Аҧсны
Ауаа ирзааигәаз аинрал: Уалид Абаза- Маршьан игәаларшәара аҳаҭыр азы

"Аҧсныҟа раҧхьаӡа акəны саара, ахааназы исхамшҭуа гəырҕьаратə хҭысны сыҧсҭазаараҿы иаанхеит. Усҟан сара избеит Аҧсны закəытə џьанаҭ дгьылу, убринахыс еиҳагьы еилыскаауа салагеит ухатə ҧсадгьыл анумоу аҟара еиҕьу ари адунеи аҟны акагь шыҟам", - абас, лхəыцрақəа ҳацеиҩылшон Жансет Казанҧҳа.

Жансет Казанҧҳа лыҧсадгьыл Аҧсны дшазыҟоу еиҧш, зымҩа инлыжьуам лара дахьынхо, аҩбатəи ҧсадгьылс илыҧхьаӡо Шьамтəылатəи Арабтə Республика.

Лара лҭаацəа, лыҧшəма Уалид Маршьан аҧхьа днаргыланы, иара убас аибашьраҿы иҭахаз лҧа, аҭынчразы иқəҧон, изқəынхоз адгьыл аҿы имҩасуаз аибашьра иаҿагылан, рыуаажəлар реиқəырхара иашьҭан. Уи аус иахьа иацылҵоит Жансеҭ Казанҧҳа лхаҭа. Шьамтəылатəи Арабтə Республика апарламент аҿы депутатс дыҟоуп, аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усуқəа лнапы иануп, лхы дамеигӡакəа лнапынҵақəа налыгӡоит. Убри инаҷыданы, аибашьраҿы иҭахаз ранацəа лыдкыланы илымоуп, рхьаа рыцеиҩылшоит, рыцəгьа-рыбзиа дахаҵгылоит, напхгарагьы алҭоит Шьамтəыла аибашьраҿы иҭахаз Агəыҳалалратə фонд.

"Сара Шəача ақалақь ахь сааит аусура аганахь ала. Аха, Аҧсныҟа смаакəа шьҭахьҟа сзыхынҳəуамызт. Мышкы ҩымш иадамхаргьы сыуаажəлар снарылаҧшып, игəхьаазго с-Аҧсны ҧшӡа збап ҳəа агəаанагара соуит. Исҭахуп, Аҧсныи Шьамтəылеи реимадара ҕəҕəахарц, уи аусқəа реизырҳараҿы саргьы сымч-сылша аасырҧшырц. Ҳара ҳаиҳабацəа иаҳдырбаз, иаҳдырҵаз аҧсуара ҳахшареи ҳмоҭацəеи ирылаҳааӡарц ҳҭахуп", - ҳəа азгəалҭеит Жансет Казанҧҳа.

Жансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба. Сааҭк иназынаҧшуа ицоз аиҧылара даара агəаҧхарра аҵаны имҩаҧысит. Аиҧылараҟны, Аҳəынҭқарра Ахада иазгəеиҭеит Жансет лыҧсадгьыл аҟны лбара даара дшеигəырҕьаз.

"Бзиала шəаабеит ҳəа шəасҳəоит, шəбара агəахəа алысхит. Агəра ҳгоит Шьамтəыла иҟоу аҭагылазаашьа аҽшаҧсахуа, ишыҟало Аиааира, аҳəынҭқарра шеиҭашьақəыргылахо, асоциал-економикатə ҿиара аизҳазыҕьара амҩа ишаныло. Ҳара даара ҳазгəыдууп шəара апарламент аҟны шəахьыҟоу, иаҳбарҭоуп имҩаҧыжəго шəусурақəа. Иара убас, акрызҵазкуа хҭысны иҳадаҳкылоит уа дахьыҟоу ҳара ҳашьа, Шьамтəыла ицо аибашьра иаҿагылоу, аҭынч ҧсҭазаара иазықəҧо, шəара шəфырхаҵа, шəыҷкəын, ҳара ҳгəадура ", - ҳəа азгəеиҭеит Ахада.

Џьолан Маршьан - Sputnik Аҧсны
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

Жансет Казанҧҳа ҭабуп ҳəа иалҳəеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адкыларазы. Насгьы, иазгəалҭеит лыҧшəма Уалид Маршьан Аҧсны ибаҟа анаадыртуаз ааҧхьара шлымазгьы аара шлылымшаз, игəалашəара ахьӡала зегьы ҭабуп ҳəа ралҳəеит.

"Ҩышықəса раҧхьа Шьамтəылатəи Ареспублика апарламент адепутатцəа Аҧсны иаан иҟан, даара иргəаҧханы ихынҳəит. Аҧсны аӡбахə заҳаз аара зҭаху иҵегьы ыҟоуп, урҭ рхыҧхьаӡараҿы Уалид Маршьан иҩызцəагьы. Хымҧада, урҭ рыгəҭакы ҳарҭгьы ҳадгылоит. Аҧсны аибашьра ахҭнагахьеит, убас еиҧш Шьамтəылагьы жəшықəса раахыс аибашьра иалагылоуп. Шəарҭ ишəҿаҳҵааша аҿырҧштəқəа рацəоуп аҳəынҭқарра аиҭашьақəыргылраҿы", - азгəалҭеит Жансет Казанҧҳа.

Жансет Казанҧҳа, ҳазшаз Анцəа ду иџьылшьоит даҧсыуаны дахьиз, Аҧсны лара илыҧсадгьылны иахьыҟоу.

"Зегьы ҧсадгьылк ауп ирымоу, аха сара исымоуп ҩҧсадгьылк. Сыҧсы ҭанаҵы гəык-ҧсыкала арҭ аҩ-ҳəынҭқаррак рымаҵ азызулоит. Сара смаҭацəа Аҧсныҟа иаарц сҭахуп, араҟа аҵара рҵарц сҭахуп, исҭахуп рыҧсадгьыл аҿы ирызҳарц, инхарц. Аҧсны Аиааира амш ныҳəазы смаҭацəа аазгарц сҭахуп", - лҳəеит Жансет.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Шьамтəылатəи Ареспублика апарламент адепутат, ҳара ҳџьынџьуаҩ Жансет Казанҧҳа, аҩтəылак рыбжьара аимадарақəа рырҕəҕəара аус аҟны лылшамҭазы иланеишьеит "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатəи аҩаӡара. Ари ахҭыс, Жансет акыр лгəы арҧшааит, ҭабуп ҳəа ахылҳəааит.

Аиҧылара иалахəыз Аҧсны аҳəынҭқарра арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иазгəеиҭеит, Жансет Казанҧҳа Аҧсныҟа лаара даҽа хҭыс бзиакгьы ишақəшəаз. Уи, зыҧсадгьыл аҿы зыҧсшьарамшқəа зхызго ҳџьынџьуаа хəыҷкəа раара шакəу.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Жансет Казанҧҳа Аҧсны лыҟазаара акыр дшеигəырҕьоугьы, лышьҭахьҟа лгəы ҭынчым, избанзар Шьамтəыла ицо аибашьра иалагылоуп лыуаажəлар. Лҧа Ҳалид Шьамтəылатəи Ареспубликаҿы аҭынчра ашьақəгылара иазықəҧо афырхацəа дыруаӡəкуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0