Афестиваль "Аԥсны" иаҭааит жәибыжь нызқьҩык рҟынӡа аҭааҩцәа

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" иаҭааит жәибыжь нызқьҩык рҟынӡа аҭааҩцәа
Афестиваль Аԥсны иаҭааит жәибыжь нызқьҩык рҟынӡа аҭааҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Московатәи аԥсуа диаспора реиҳабы иазгәеиҭеит аҭааҩцәа афестиваль даара гәахәарыла ишрыдыркылаз.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" 17 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра аҭааит ҳәа радио Sputnik аҿы иҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора реиҳабы Беслан Агрба.

Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит

"Сынтәа аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҳан. Ҵыԥх жәанызқьҩык рҟынӡа акәзар иаҭааз, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 17 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит. Сгәы иаанагоит аԥхьатәи афестиваль иалахәыз еиҭарҭаххеит уи аиҭаҭаара", - иҳәоит иара.

"Аԥсны" аиҿкааҩцәа иалшоз зегь ҟарҵеит афестиваль аԥсуаа рыԥсҭазаара инарҭбааны ианыԥшырц. Асасцәа ирылшон аԥсуа культура, аҵас-қьабз, ашәақәа, акәашарақәа, ачысхк адырра.

Беслан Агрба иажәаәқа рыла реиҳа алаҵәара аман фуд-корт. Аҭааҩцәа ирыман алшара аԥсуа чыс, арыжәтә ргьама абара.

Афатә агьама абара адагьы аҟаҵара згәаԥхоз рзы имҩаԥган амастер-классқәа.

Афестиваль "Аԥсны" аҭааҩцәа ирылшон иара убасгьы аҩцәа 20 рҟынӡа ԥхьахә удызгалоз алотареиа ахәмарра. Аԥхьахәқәа ируакын хәыда-ԥсада Аԥсныҟа ԥсшьара аара.

Аԥсуа чыс, аԥсуа кино, кавказтәи акәашарақәа: афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп

"Ауаа даара иргәаԥхеит ирбаз. Асеиԥш иҟоу аусқәа Аԥсны ӡырыргоит. Аамҭакала 15-17 нызқьҩык ауаа Аԥсны рдыруа иҟалоит. Аҭагылазаашьа акыр аҟәандара аҵан. Агәахәара ду снаҭоит заанаҵтәи ҳусура", - иҳәоит Беслан Агрба.

Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" абар ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Иара еиҿнакааит Москватәи аԥсуа диаспора. Информациатә партниорны иазыҟоуп амаҵзура Sputnik Аԥсны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0