"Атуризм азы азакәан Аԥсны ирыдыркылеит нанҳәа 1, 2005 шықәсазы. Азакәан ажәыма ҳәа азҵаара ықәгылозар, атуризм аҿиара бзиа ахьамоу Ҭырқәтәыла ус еиԥш азакәан рыдыркылеит 1982 шықәсазы. Уи азакәан аҿиара аган ауп еиҳарак хырхарҭас ианыԥшуа, атуризм аџьшьара аҭара ауп изызку, атуризм знапы алаку ацхыраара рыҭара аныԥшуеит. Ҳара ҳзакәан атәы ҳҳәозар, уи аҟны иарбоу аасҭа иарбам еиҳахеит. Иахьатәи аамҭазы ҿыц иҳадҳамкылар ада ԥсыхәа ыҟам. Иара хҩылаауп аурыс закәан аҟынтә. Дара рҟны иара аԥсахрақәа аларгалеит 2007 шықәсазы. Урыстәыла ианрыдыркылоз хықәкыс ирымаз рҳәынҭқарра анҭыҵ ԥсшьара ицоз ртәылауаа ирԥыло, мамзаргьы Урыстәылантәи изышьҭуа афирмақәа русушьа шеиқәыршәатәу иазкуп. Ҳара уи азакәан анхаҳҩылоз хәыҷык ииашамкәа ҳазнеит", - иҳәеит Ахба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.