Галустиан: ОБСЕ иаднакылаз арезолиуциа Қырҭтәыла аҭахрақәа роуп иззырхоу

© Фото : Томас ТхайцукЛевон Галустиан
Левон Галустиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мраҭашәара еилнакаар ахәҭоуп агеноцид захьӡыҵәҟьоу зхызгаз Аԥсны ажәлар рхьаа иҳәеит Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Левон Галустиан.

АҞӘА - ԥхынгәы 8, Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Левон Галустиан ОБСЕ иаднакылаз арезолиуциа ахҳәаа аҭо, иҳәеит Мраҭашәара агеноцид зхызгаз Аԥсны ажәлар рхьаа адыруазар ахәҭоуп ҳәа. Апарламенттә ассамблеиа аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц иҟанаҵаз ааԥхьара ганк аинтересқәа заҵәык роуп изызку, ари аҩыза жәларбжьаратәи аиҿкаара ас рмыхьыр акәын, иҳәоит Галустиан.

ОБСЕ Урыстәыла аанаԥхьоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц>>

"ОБСЕ аӡбамҭа Қырҭтәыла агәы иахәандаз ҳәа ауп ишрыдыркылаз. Асеиԥш аҩаӡара змоу жәларбжьаратәи аиҿкаара абри еиԥш аҳәамҭа ахьыҟанаҵо угәы унамырхьыр алшом", - иҳәеит Галустиан, РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Ақәылара зуз ақырҭуа ган ауп. Ахара шрыду еилкааны ҳажәлар раԥхьа аҭамзаара шьҭарҵарц ахәҭоуп. Иахәҭоуп еиваҟәало аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларагь", - иҳәеит иара.

"Бриуссель, Вашингтон, Женева ирдыруазароуп аамҭа шьҭахьҟа ишузмыргьыжьуа. Ҳара ҳазханаҵеит аҳәынҭқарра дуӡӡа. Уаҵәы-уаҵәашьҭахь егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳазхарҵашт. Аха ҳажәлар ахаан ирхашҭраны иҟаӡам аԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵаз", - иҳәеит иара.

Апарламенттә ассамблеиа аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц. Убри аан иазгәаҭан азхаҵара азакәаншьаҭа амамызт ҳәа.

РИА Новости адыррақәа рыла, абри аҩыза арезолиуциа рыдкылан амҽыша, ԥхынгәы 7 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0