Ԥлиа: Цандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа еиҳагьы еиҳахарц ахаҿра иацклаԥштәуп
"Сынтәа имаҷымкәа аԥсшьаҩцәа аҭааит Цандрыԥшь аҳабла. Егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны еиҳамзар, еиҵаӡам. Аҵыхәтәаны идыргылаз ахатә сасааирҭақәа акыр еиҿкаауп, аӡҭарчқәа рыла еиқәыршәоуп. Аҳаблаҟны убасгьы аҳәынҭқарра иатәны аԥсшьарҭақәа ҩба ыҟоуп: "Ԥсоу", "Ера". Урҭ рыҩбагьы ауаа рыла иҭәуп. Асасцәа ҳҭаауазар, хыԥхьаӡара рацәала иҳадаҳкылартә аҭагылазаашьа ыҟоуп, иҳамоу аҭыԥқәа зегьы рырҭәра уадаҩзар акәхап. Аҳабла иҵегьы еиҳаны аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы ахаҿра маҷк иԥсахтәуп. Амҩақәа ирхылаԥштәуп, ацрыҵқәа аус рыдулатәуп. Амҩа аиҭашьақәыргылара арбоуп 2020-2022 шш. рзтәи акомплекстә план аҟны",- ихәеит Ԥлиа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.