АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Шьамтәыла ацҳаражәҳәарҭа аартра агәҭакуп, иара убас Цхинвал иаадыртыр алшоит Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рмиссиа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев иажәақәа шьаҭас иганы.
"Цхинвал аус руеит Урыстәылеи Аԥсныи рыцҳаражәҳәарҭақәа, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ахаҭарнакра. Хара имгакәа ицәырҵыр алшоит Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рмиссиа", - иҳәеит Медоев.
2014 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Аахыҵ Уаԥстәылеи Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Донецки Лугански аус руеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакрақәа.
"Урыстәыла, Никарагуа, Венесуела, Аԥсны иҟоуп ҳацҳаражәҳәарҭақәа. Уажәы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп Шьамтәыла ахаҭарнакра аартразы", - иҳәеит иара.
Уи адагьы аминистр иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Никарагуаҟа Сандинисттәи ареволюциа 40-шықәса ахыҵра аныҳәамш ишалахәхо.
"Адипломатиатә каналқәа рыла атәыла ахада Анатоли Бибилов ааԥхьара иоуит ԥхынгәы 19 рзы Сандинисттәи ареволюциа 40-шықәса ахыҵра аныҳәамш аҽалархәразы", - еиҭеиҳәоит Медоев.
2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев инапы аҵаиҩит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Урыстәылеиԥш арҭ аҩ-ҳәынҭқаррак аамҭақәак рышьҭахь иазхарҵеит Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.