АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадри Есиава. РУСДРАМ шорт-лист "Звезда Театрала" иалашәарц азы ахәаԥшыҩцәа рыцхыраара иақәгәыӷуеит, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"РУСДРАМ адагьы лонг-лист ианылеит аҽа жәа-театрк. Шорт-лист аныларазы ахәаԥшыҩцәа рыбжьқәа аҭахуп. Аҳәара ҟаҳҵоит "Звезда Театрала" аофициалтә саит аҿы иҭаланы адгылара ҳарҭарц. Абжьыҭира нанҳәамза нҵәаанӡа имҩаԥысуеит. Аихшьаалақәа цәыббрамзазы иҟаҵахоит" ҳәа еиҭеиҳәоит Хынҭәба.
Иара иажәаәқа рыла лонг-лист алашәара – ари иарбанызаалак атеатр азы ихьӡырҳәагоуп.
"Звезда Театрала" – ари ихьыԥшым, иналукааша ԥхьахәуп. Есышықәса иара ранаршьоит иреиӷьу атеатрқәа, аспектакльқәа, арежиссиорцәа. Иара убасгьы иҟоуп аноминациа: "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс театр". Ҳара уи ҳахьаҵанакыз оумашәагьы иаабеит ҳагьеигәырӷьеит", - иҳәоит Хынҭәба.
РУСДРАМ адиректор ҭабуп ҳәа реиҳәеит аноминациа аҵакхаразы зыбжьы зҭииз ахәаԥшыҩцәа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥснытәи атеатр гастроль ҳасабла иқәгылахьеит: Саранск, Адыгеиа, Санкт-Петербург, Иаснаиа Полиана, ирылахәхахьеит хыԥхьаӡара рацәала урыстәылатәии жәларбжьаратәии афестивальқәа. Урҭ руак, XIV Жәларбжьаратәи аурыс драматә театрқәа рфестиваль "Соотечественники" аҿы Мордовиа РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба ианашьан амедал "За межнациональное согласие".
Ахәаԥшыҩцәа бзиа еицырбаз, иналукааша қәыргыламҭақәоуп: "Ҳаџьы Мураҭ", "Хә-хәылԥазык", "Зегьы сара сԥацәа", "Примадонны", "Ахәмарыҩ".
Аԥхьахә "Звезда Театрала" шьаҭаркын 2007 шықәса рзы. Аноминациа "Иреиӷьу арежиссиор" аҟны аԥхьахә роухьеит: Андреи Кончаловски (аспектакль "Вишневый сад"), Лев Додин ("Гамлет"), аноминациа "Иреиӷьу ахаҵа ироль" азы аԥхьахә роухьеит: Сергеи Безруков, Константин Раикин, "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" – Нонна Гришаева, Вера Бабичева.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- РУСДРАМ аҿы ахәыҷтәы театртә студиа аадыртуеит