Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД
МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны апрокуратура хада Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахь ала азыҳәа иақәшаҳаҭхеит аҩнытә ҭакра рықәҵаразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, Анзор Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа, аҩнытә ҭакра рықәҵаразы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анзор Ҭарба иԥсра иалахуп ҳәа агәаанагара зызрымоу рмаҵура иамхуп

"Аҩнытә баандаҩра рықәҵахоит: ашьаусԥшаара Аусбарҭа аиҳабы Бадри Џьыкырба, ихаҭыԥуаҩ Аслан Чедиа, ААР УУР аҟәша аиҳабы Минас Одабашиан, иара уи аусбарҭа аусзуҩ еиҳабы Леван Топуриа", - аҳәоит аӡбарҭа асаит аҿы.

Заанаҵтәи аусеилыргара аверсиала 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадақәа руак аҿы Оҭар Мерцхәылаа иӷьычра, дшалахәыз азы иҿахәҿыхраан Анзор Ҭарба иԥсҭазаара далҵит.

Ԥхынгәы 13 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба аҳәамҭа ҟаиҵеит аусзуҩцәа рганахь ала ашьаус шхацырку.

Анзор Ҭарба иԥсра атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба апрокурор хадеи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри, ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩи алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿгьы иалацәажәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0