Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чичԥҳа: сгәы сыхьуеит иахьала Лыхны ашкол иҭоу рхыԥхьаӡара атәы анысҳәо

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнытәи абжьаратә школ адиректор Изольда Чичԥҳа
Лыхнытәи абжьаратә школ адиректор Изольда Чичԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхнытәи абжьаратә школ адиректор Изольда Чичԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иааиуа аҵарашықәс ахыбра ҿыц аҟны иаԥылап ҳәа агәыӷра бзиа шрымоу.
Чичԥҳа: сгәы сыхьуеит иахьала Лыхны ашкол иҭоу рхыԥхьаӡара атәы анысҳәо

"Ашкол аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2017 шықәсазы аиҭашьақәыргылара иалагеит. Ишарбоу ала ԥхынгәы анҵәамҭа нанҳәа алагамҭазы аусурақәа хдыркушароуп. Ари аамҭа рыҽҭагӡо иаауеит,  иԥшӡаны иҟарҵеит. Ԥшь-еихагылак змоу ҳашкол 1981 шықәсазы аусура иалагеит, зықьҩык рҟынӡа аднакылартә аҭагылазаашьа ыҟан. Аԥсны аибашьра анцоз хәышә-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа ыҟан. Уажәтәила ҳҵаҩцәа рхыԥхьаӡара атәы анысҳәо, сгәы сыхьуеит, ақыҭа ду аҟны шәкы бжаки роуп иҟоу ҳәа анысҳәо. Аха агәыӷра ыҟоуп ақалақь ахь акәымкәа, ҿыц еиҭашьақәыргылоу ашкол ахь аҭаацәа рхәыҷқәа аарышьҭып ҳәа", - азгәалҭеит Чичԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0