"Ааха зауз шаҟа аԥхасҭа роуз аилыргара иаҿуп аҳәынҭқарраҟынтәи. Амҩақәа, афымцалашара аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирҿуп, аха уи лассы зҭыԥ иқәҵахо усым. Аӡы иагаз ҳгәылацәа аҭырқәцәа рҟынтәи ҩыџьа рыԥсыбаҩ рыԥшаахьеит, егьырҭ хәҩык макьана ирымбацт, ирышьҭоуп", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра шарҭо, аӡхыҵраан арыцҳара иақәшәаз ӡыржәтәла реиқәыршәара аус ишадгылаз иара убас ирылшо ала ацхырааа шрырҭо.
"Ҳшеидгыло еилыркаарц, уаатәи ҳқыҭақәа раанда ҳшыҟоу рдырырц, ҳашьцәа аԥсуаа рымацара ракәымкәа, ааигәа-сигәа иҟоу егьырҭ амилаҭқәа иреиуоу ҳгәылацәагьы еилых ҟамҵакәа ҳфедерациа аганахьала ацхыраара рыҭара хықәкыс иҳамоуп, ҳархаҵгылоит", - иҳәеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ҳаразиа: Ҭырқәтәыла иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аԥсуа қыҭақәа ааха ӷәӷәа рыҭоуп>>
-
Аҟәысба еиҭеиҳәеит аӡхыҵра ашьҭахь аԥсуа қыҭақәа цхыраарас ирырҭо>>
-
Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма-Ҳаным аӡы аҵалеит>>