Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа Мыркәыла ажрақәа ирызкны: ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа анхарҭа аарԥшын

© Sputnik / Томас Тхайцукаҵарауаҩ Сурам Сақаниа.
аҵарауаҩ Сурам Сақаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мыркәыла ақыҭан имҩаԥысраны иҟоу археологиатә жрақәа ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ Сурам Сақаниа.
Сақаниа Мыркәыла ажрақәа ртәы:ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа анхарҭа ааԥшит

Аурыс археолог Галина Требелевеи аԥсуа ҵарауааи амш ишырнаҭалак, шықәсқәак раԥхьа Мыркәыла ақыҭан имҩаԥыргоз аԥшаарақәа ирыцырҵоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Сақаниа.

"2013 шықәсазы Аԥсны иҟоу ауахәамақәа ашәҟәы рҭагалара, насгьы дара злашьыху ахимиа- физикатә еилазаара ашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥаагон, изҵазкуа ашәышықәса иаҳа иааигәаны аилкааразы. Маркәыла уахәамак шыҟаз ҳаҳахьан, аха иҳамбацызт. 2014 шықәсазы археологиатә ԥшаарақәа ҳрылагеит. Аҭыԥаҟны иаҳбаз ахыжәжәарақәа рыла еилаҳқааит уи шжәытәтәииз, амаҭәарқәагьы ҳԥыхьашәеит. Иахьала уи ахәбатәи- афбатәи ашәышықәса ирыҵаркуеит ҳәа. Иара реиԥшуп аурымцәа рҳәынҭқарра ду аныҟаз идыргылоз, аргылашьала ацирк еиԥшны, мрагыларахьы иахыгьежьааны, мраҭашәарахь иаҳа иҭбааума уҳәо, ажәытәан Урымтәылан иҟаз астадионқәа иреиԥшны. Аԥхьа анышәынҭрақәа рааигәа идыргылоз ауахәамақәа  иреиԥшын ҳәа агәаанагара ыҟоуп Мыркәыла Алаҳаш абаагәара аҩныҵаҟа игылаз ауахәама маҷ", - иҳәеит Сақаниа.

Иара иазгәеиҭеит аԥшаарақәа раан ирбаз абаҩқәа рыла антропологиатә лкаақәа шыҟаҵаз. Уаҟа ижу ауаа Аԥсны ишииз, а-IV-тәи  а-III-тәи ашәышықәсақәа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа анхарҭа ҭыԥқәа шыҟаз еилкаан. Ажрақәа раан ԥшьыхәҭак рҟынӡа акультуратә ҿыгҳарақәа рбеит ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0