"Аџьынџьтәылатәи еибашьра атема ҳшаҿыз, ана-ара иаҳԥыхьашәеит анкьа аԥсуаа Ԥсҳәы ианынхоз рыбзазартә нхарҭатә ҭыԥқәа. Иҳаԥшааит абжьаратәи ашәышықәса иадҳәалоу ахҿақәа, аԥсаатә зларшьуа ҩбаны еиҿаԥоу аҷарпат, арԥшӡагақәа, арыӡнлыхмаҟа абызқәа ҳԥыхьашәеит, иара убас, ахызаҵәқәа ашәақь злеиҵарҵо, напыла иҟаҵо, аҽеимаақәа, ажәакала ирацәоуп. Арҭ амаҭәарқәа аџьынџьтәылатәи еибашьра мацара акәӡам изҵазкуа, ижәытәӡатәиу, 1500 шықәса инадыркны иаауеит. Иҵегь иҵауланы иҳазҭымҵааит, уи хықәкыс иҳамамызт азы, аха ахаҳәтә епоха аамҭазы ауаа ахьынхоз аҭыԥқәа убаратәы иҟан. Ҳаԥхьаҟа аамҭақәа ҟалар, адгылара ҳаур, егьырҭ археологцәагьы адгыланы изаатәу ҳабзазаратә нхарҭатә культура ҳаԥшааратәы, иҭаҳҵааратәы аекспедициа ҟаҳамҵар ада ԥсыхәа ҳамамкәа иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Санчаратәи акаҵәараҿ имҩаԥгаз аекспедициа аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит
-
30-ҩык асовет салдаҭцәа рыԥсыбаҩ Санчаратәи акаҵәараҿ иԥшаауп