Ԥиԥиа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура алзыршо апроект азы: иааира дууп
"Ари апроект аусура ахацыркра аԥсуа жәлар зегьы рзы иааира дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа Аԥсныҟа иаауа Ԥсоу ацҳа дықәсны ада аашьа имаӡам. Аҳаиртә баӷәаза аусура ианалага, аԥсшьаҩы ҩымш-хымш ҳәа даар илшоит Урыстәыла иарбанзаалак кәакьк аҟынтә. Ари аумаӡа аҵанакуеит. Акурорттә адагьы, ақыҭанхамҩа уҳәа еиуеиԥшым аганқәа рыла ихәарҭоу проектуп. Ҳара уажәы аус адулара ҳаҿуп атранспорт-логистикатә хаб ду ҳәа изышьҭоу апроект. Ҳгәы иҭоуп амшынтә баӷәаза ду аргыларагьы, арҭ апроект дуқәа русура Аԥсны аекономикатә ҿиараҿы цхыраагӡа духоит", - иҳәеит Ԥиԥиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.