Абааш иаҩызаз ахаҵа: апоет Рушьбеи Смыр игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса дшырҭагылаз.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр диит жәабранмза 13, 1950 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. Апоет даныхәыҷыз аахыз иблақәа ддыргәамҵуа иалагеит аҟнытә, аамҭак азы Одесса ақалақь аҟны Филатов ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿы иҽихәышәтәуан. 13-ҟа шықәса анихыҵуаз иара иажәеинраалақәа дрыԥхьеит апоет Владимир Анқәаб. Аҷкәын иажәеинраалақәа Владимир Платон-иԥа кырӡа игәаԥхеит, иагьиабжьигеит апоезиа дацәхьамҵкәа есааира дырҿиаларц. Дук мырҵыкәа Рушьбеи Смыр игәабзиара еиҳа еиӷьхан, иҵареи ирҿиареи дырзыхынҳәит.

Ахра Анкваб - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арҵаҩы: Владимир Анқәаб иԥсҭазаареи ирҿиареи ижәлар рлахьынҵа иадҳәалан

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1965 шықәса инаркны. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылоит. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит апоет раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизга ала апоет данылоит хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду.

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит Рушьбеи Смыр апоезиа еиԥш ауаажәларратә усгьы ихы-иԥсы ақәҵаны дшазкыз, иҳәеит апоет иаԥҵамҭақәа аԥсуа литература аклассикаҿы иаԥсоу аҭыԥ шныркыло:

"Дышмаҷӡаз иубарҭахахьан ажәлар ражәа, ажәлар рпоетика шизгәакьаз. Иреиӷьу иара иҩымҭақәа иахьагьы уаҵәгьы аԥсуа литература иалԥшаахқәаны иазынхоит. Арҿиара адагьы, дышқәыԥшӡаз инаркны далагылан амилаҭ хақәиҭратә қәԥара аӡеибафара. Ижәлар рзы иибаз аџьабаа шьардаӡоуп" - игәалаиршәоит апоет.

XIX ашәышықәсазы Кавказ имҩаԥысуаз, аублаа жәлар рықәӡаара аазгаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" 2016 шықәсазы иҭыжьын. Лашәриа иажәақәа рыла ари апоема Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" иацназго аԥҵамҭаны ахә шьалатәуп.

"Рушьбеи Смыр аклассикатә традициақәа мырӡкәа, иҩымҭақәа рыла урҭ еиҳагьы еихеиҳауан. Аха убри аангьы, ҳәарада иара иажәа, ишьҭикааз аинтонациа даҽакы иузаламырҩашьо ихатә ҩышьа иман. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ичымазара шииааиуазгьы, илақәа ишырымбозгьы дыҩуан. Истильгьы ԥсахны ааба-ааба цәаҳәа рыла аҩра далагеит, игәы каижьӡомызт. Иара иажәеинраалақәа реизгақәа ԥыҭк акьыԥхь рбахьеит, аха икьыԥхьымгьы макьана кырӡа ирацәоуп. Иара убас ирацәоуп аус здаҳулаша авидео материал, апоет ауаажәларра рҿаԥхьа иқәгыларақәа зну. Урҭ зегьы, ҳәарада, ирыхәҭоу ахылаԥшра рыҭатәуп", - иазгәеиҭеит Лашәриа.

Рушьбеи Смыр есқьынагьы далагылан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа милаҭ ринтересқәа ахьчаразы игылаз дреиуан. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр
Абааш иаҩызаз ахаҵа: апоет Рушьбеи Смыр игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара иалҵра аԥсуа доуҳатә культура зегьы азы ицәыӡ дуны ишыҟалаз.

"Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аԥсуа литератураҿы иҟаз атрадициа дуқәа еихаҳауа ԥхьаҟа изгоз дшыруаӡәкыз Рушьбеи Смыр. Иара иааԥсара, ижәлар рзы иибаз аџьабаа ду, ҳмилаҭ литература аизырҳаразы ихы иалиршаз иагьа аамҭа царкьы еицакра рықәымкәа иаанхоит. Рушьбеи Смыр ихьӡ ҳажәлар рыҩныҵҟа аеҵәа еиԥш ижжаӡа ирылубаауа иҟан, ус ҩаԥхьа иагьыҟазаауеит", - иазгәеиҭеит Аԥҳазоу.

Инна Хашба - Sputnik Аҧсны
Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр ирҿиара ахәыҷқәа акыр ирзааигәоуп

Рушьбеи Смыр ипоезиа зегьы тема хаданы иамоуп иԥсадгьыл азхәыцра, ижәлар рдоуҳатә беиара абзиабара. Иара иажәеинраалақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.

Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).

Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 2004 шықәсазы ихҵан Адыга ареспублика Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0