Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа зықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ирзыԥшуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква имҩаԥысуа Аԥсны ахада иалхрақәа
Москва имҩаԥысуа Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхразы алхратә ҭыԥ аартхоит Москва, Донскаиа амҩ. 18/7, арг. 1.

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа зықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ирзыԥшуп атәыла ахада иалхра амш аҽны ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Москва, алхырҭатә ҭыԥ №4 акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа.

"Ҳара ари ахыԥхьаӡара аҵыхәтәаны имҩаԥысуаз атәыла ахада иалхрақәа ирыҿҳарԥшуеит. Сгәы иаанагоит рацәак аивыгара ҟаларым ҳәа. Ишьақәыргылоуп алхратә комиссиа алахәылацәа рсиа. Урҭ 11-ҩык ыҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кобахьиа.

Иара иазгәеиҭеит алхрақәа реиҿкаара ацҳаражәҳәарҭа анапы ишану.

"Абри азы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны АКХ ахь ашәҟәы неишьҭит", - иҳәоит иара.

Кобахьиа иҳәеит зыҿҳәара иахыԥахьоу атәылауаҩшәҟәқәа змоу абжьыҭира шрылымшо.

"Сара алхыҩцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит иҟоу атәылауаҩшәҟәқәа зыԥсахраны иҟоу рыԥсахырц", - иҳәоит Кобахьиа.

Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара иалагеит>>

Алхырҭатә ҭыԥ алхрақәа хәымш шрыгу ажурналистцәа алархәны аӡыргара мҩаԥгахоит.

Москватәи алхырҭатә ҭыԥ Аҟәатәи алхырҭатә округ №6 ахь иаҵанакуеит.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 рзы. Ашәҟәы иҭагалоуп жәаҩык акандидатцәа: Рауль Ҳаџьымба, Леонид Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа, Шамиль Аӡынба, Олег Аршба, Алмас Џьапуа, Асҭамыр Ҭарба, Асҭамыр Какалиа, Асҭамыр Оҭырба, Артур Анқәаб.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0