Арԥшӡара аҭахым: иҿыцӡоу аҭоурых иазкыз астол гьежь аҟынтәи азгәаҭақәак

© Foto / Айнар ЧитанаваАԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь
Аԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҿыцӡоу аамҭа иатәу Аԥсны аҭоурых аспектқәак рзы" захьӡыз астол гьежь мҩаԥысит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Уи ҵакыс иамаз, ҷыдала изыхцәажәоз, ажәахәқәа зызкыз уҳәа ртәы шәаԥхьа Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҟны.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Аԥсны аҭоурых алацәажәара, уи иадҳәаланы агәаанагарақәа реимдара иазкыз астол гежь гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа алахәны имҩаԥысит. Ажәахәқәа аззырхиаз зегьы ирыҭаз жәаба-жәаба минуҭ рыҩнуҵҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҭыԥ змаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирылацәажәон, иааргон архивтә шьақәырӷәӷәагақәа. Тематикала иҭбааз аицәажәара аҭоурыхтә аамҭа ду аҵанакуан аҟнытә, ицәырнагеит аҵарауаа злацәажәашаз ирацәаны азҵаарақәагьы.

Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа "Изаҳҭахуи ҳара ҳҭоурых" захьӡыз иажәахә аҟны аԥсуа ҭоурых иазкны ихәыцрақәа ааго, далацәажәеит аҭоурыхтә дыррақәа анкьатәи аамҭази уажәи ирымоу аҵакы. Иҳәеит урҭ адыррақәа баша-маша реизара шзалымшоз, урҭ иалкаау асоциалтә практика ишахысуаз.

"Аиҳабыратә абиԥара ирнаҭаз аԥышәа ахархәарала акәын аиҵбыратә абиԥарагьы рыԥсҭазаара шырхыргоз. Уи аԥышәа дара еихарҳаӡомызт, аха аԥсабаратә циклқәа ирышьашәаланы дырҩегь уи аԥышәа иахысуан. Иаҳҳәар ауазар, иҟалаша аамҭа иаҳхысхьоу иаҿыԥшны, уи иеиԥшны ишьақәгылон. Убри инадҳәаланы, ауаа рҿаԥхьа ицәырҵуан адҵа: ицахьоу аамҭа иҟалаша аамҭаҿгьы аԥсҭазаара аҭара. Аилазаараҿы ишьақәгылон аԥсҭазаара алыршаразы ихымԥадатәиу амеханизмқәа: асоциалтә еизыҟазаашьақәа рсистема, уи ахәҭаҷқәа, ауаатәыҩса рҭахрақәеи рылшарақәеи. Ҳәара аҭахума, иҟалалон аԥсахрақәагьы, аха урҭ ауаатәыҩса рхаҭагьы игәарымҭартә аҟынӡа имаҷқәан", - иҳәеит Дамениа ицәажәараҿы.

Иара убас Олег Нестор-иԥа иазгәеиҭеит ҳаамҭазы аҳәынҭқаррақәа рацәаны иҿыцу асоциалтә практика - аҿиаратә практика аганахь ишиасхьоу. Иара иҳәеит адунеи зегьы зымҽхазкуа ари ахырхарҭа ҿыц ҳаргьы ҳшалхәдам, иаҳхьымсыр шзалымшо.

"Аҿиара аан иаҳхысхьоу аамҭа ихымԥадатәиу ҿырԥштәык аҳасабала аҵакы ацәыӡуеит. Аҿыц аамҭазы ауаҩы ԥхьаҟатәи иԥеиԥш анкьатәи аметодқәа рыла ишьақәиргылаӡом, даҽакала дазнеиуеит. Аҭагылазаашьа ҿыцқәа раан ауаҩытәыҩса исоциалтә ԥеиԥш урҭ аҭагылазаашьақәа ирышьашәало ауп ишышьақәиргыло", - ихиркәшеит Дамениа.

© Foto / Айнар ЧитанаваАԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь
Арԥшӡара аҭахым: иҿыцӡоу аҭоурых иазкыз астол гьежь аҟынтәи азгәаҭақәак - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Олег Бӷажәба "Аԥсны аҭоурых ашәышықәсақәа реиҟәшамҭазы" захьӡыз иажәахә аҟны дрылацәажәеит Аԥсны аҭоурых иазку азҵаарақәа рҿы адунеи аҿаԥхьа ақырҭқәа ицәырырго, аҵарауаҩ Ингороҟәа итеориа иеиԥшу имцу ацәажәарақәа. Иара убас иара иҳәеит ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵаара иазкны имоу агәаанагара.

"Иахьатәи ҳҭоурыхҭҵаара асовет аамҭазтәи ахәаԥшышьақәа рыхьанҭара макьанагьы ианыԥшуеит. Лассы-лассы ҳҭоурыхтә текстқәа мыцхәы асубиективтә гәаанагара шыргәылыжжуа убарҭоуп. Насгьы иамоуп аҭыԥ мыцхәы иацҵаны, ирԥшӡаны аҭоурыхтә хҭысқәа рыхцәажәара. Ҳара ҳҭоурых арԥшӡара аҭахӡам, иара ахаҭагьы иахьынӡахәҭоу ибеиоуп, игәылҭәаауп. Иаҳҳәап, ҿырԥштәы заҵәык аҳасабала иӡбахә ҳҳәар ауеит ф-бызшәак рыла ишьақәыргылоу ауахәаматә документқәа зегьы рҟны зыӡбахә ҳәоу аепископ Стратофил… Ус шаҟа ҿырԥштәы! Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп ҳаилазаараҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхҭҵаара иамоу азҿлымҳарагьы шмаҷхаз. Уигьы, ҳәарада, иамоуп ахатәы мзызқәа", - иазгәеиҭеит Олег Бӷажәба.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҭыҵуа аҭоурыхтә шәҟәқәа зны-зынла аусӡбарҭахь инанаго аҟынӡа аимак-аиҿак анырхылҿиаауа ҟалалоит.

Леонид Лакербаиа изыҳәала Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭазы ашшыԥхьыӡ нашьҭуп>>

Аԥсны аҭоурых аӡбахә ала аԥсуаа рыҩнуҵҟа еиԥш, анҭыҵгьы ицәырҵуа аимакқәа дрылацәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.

"Иаҳхысыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа ҵарауааи ақырҭуа ҵарауааи рыбжьара аҭоурыхтә зҵаарақәа рҵыхәала иҟан аицәажәарақәа. Аха кыр ҵарадыррала иӷәӷәаз урҭ аҭоурыхҭҵааҩцәа рабиԥара уажәшьҭа имҩасхьеит. Иахьатәи аамҭазы ақырҭуа ган ҳара ҳҭоурых аӡбахә ала адунеи иаланарҵәо аинформациа иахьынӡахәҭоу аҭак аҟаҵара ҳаҟәыҵит. Арыцҳаразы, ҳара ҳажәлар рҭоурых ахь ирымоу азҿлымҳара рацәоуп уҳәартәгьы иҟам. Уи азҿлымҳара ауаҩы дхәыҷаахыс илааӡара аҭахуп. Иахьа ҳашколқәа рҟны аҭоурых арҵаразы ицәырҵуа ауадаҩрақәагьы ҳдыруеит. Аматериал ҳамоуп, арҵага шәҟәқәагьы ҳамоуп, аха ашкол аҟны ахәыҷқәа ирыдаҳгало Аԥсны аҭоурых апрограммеи уи арҵашьатә методқәеи еиҭарыхәаԥштәуп ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габелиа.

© Foto / Айнар ЧитанаваАԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь
Арԥшӡара аҭахым: иҿыцӡоу аҭоурых иазкыз астол гьежь аҟынтәи азгәаҭақәак - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҿыцӡоу аамҭа аҭоурых иазку астол гьежь

Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳа дрылацәажәеит аҭоурыхҭҵаараҿы ҳаамҭазы ицәырҵуа аҿыцрақәа. 

Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба: Қьалашьбеи ихаан еиԥш иахьагьы амч дуқәа ҳрыбжьагылоуп

"Ҳхылҵшьҭрақәа анцәырҵыз инаркны иахьа уажәраанӡа иҳамоу аҭоурых еибашьрала еиқәырханы иааҳгаз ауп, ҳҭоурыхтә сиужет гәыцәс иамоугьы еибашьроуп. Иахьа аамҭа убас иҟалеит, адунеи аҟны аибашьра аӡбахә зҳәо изакәызаалак ауаа рцәаныррақәа ааха анаҭоит ҳәа азыԥхьаӡаны иаԥхьдырҟәҟәаауеит. Аамҭа ҿыц аҟазшьақәа ирықәшәо аҭоурых акәу, ҳара ҳхатәы мҩала иҳарҿио аҭоурых акәу иаҳҭаху, уигьы зҵаара дуны ҳҿаԥхьа иқәгылоит", - лҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.

Апрограмма иарбаз ажәахәқәа анхыркәшаха, аҵарауаа ишьҭырхуаз атемақәа ицәырыргаз азҵаарақәа ирылацәажәеит.

"Иҿыцу аамҭа иатәу Аԥсны аҭоурых азы гәаанагарақәак" захьӡыз астол гьежь мҩаԥысит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0