Амқәаб афильм "Ԥсҭазаарак иаҩсуа аҵх" иазкны: акадрқәа рыхәаԥшра уадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГурам Амкуаб
Гурам Амкуаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар анақәлаз амш аҽны, Цхинвал аибашьра иазкны иҭыхыз адокументалтә фильм "Ночь длиною в жизнь" автор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә наукақәа рдоктор Гәырам Амқәаб жәа-шықәса рнаҩс игәалашәарақәа дырзааҭгылоит.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи иаҳҳәарц ҳалшоит еицырзеиԥшу ҭоурыхтә мҩак еицанысит ҳәа. Анцәа иџьшьаны ҳажәларқәа ззықәԥоз аҭынч ԥсҭазаара, Аиааира ҳамоуп иахьа. Абри аҵакы шәазааҭгыларц сҭахуп.

Архивное фото вида на Сухум - Sputnik Аҧсны
ЕАШ аԥшьгарала иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара

— Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи а-20-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, ҳтоурыхқәа еиԥшхама ахыуҳәаартә иҟоуп. Избанзар, Асовет ҳәынҭқарраҿы 90-тәи ашықәсқәа раан аиҭакрақәа излагаз еиуеиԥшым Ареспубликақәа рҿы, хаҭала Кырҭтәыла имҩаԥнагоз аполитика, ҭоурыхла иҟанаҵаз зегьы иаҳдыруеит аибашьра шахҟьаз. Убри ҳаиднакылеит, ҳтәылақәа рҿы аԥсҭазаара еиԥшхеит. Иҟалеит аибашьрақәа, уи ҟамлар акәын, аха ақырҭуа политикцәа дара изларҳәоз ала, изнылаз ахақәиҭратә мҩа иазымаиааиӡеит, ирылымшеит адемократиа ашьақәыргылара. Дара адемократиа ишахәаԥшуаз, иртәымыз аҳәынҭқаррақәа рыдкылара алоуп. Уи иашаӡам, иахылҿиаазгьы ҳдыруеит.

- Шәара Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы хантәаҩыс аус аныжәуаз еиҿкааны ишәыман апроект "Аешьара амҩала". Убри апроект зызкыз инхарҭәааны шәаҳзалацәажәар ҟалоума?

— Аԥсны Аиааира 15 шықәса анахыҵуаз, уи иазкыз аусқәа анымҩаԥысуаз ашықәсазы, Аԥсуа телехәаԥшра апроект ҿыц цәырнагеит Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҿы имҩаԥаҳгарц адырраҭарақәа. Избанзар, урҭ Ареспубликақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз даараӡа ирацәаҩын. Убри ҳазхәыцны адырраҭара еиҿаҳкаарц азаҳаӡбеит Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа зегьы рҿы, иара убас Аахыҵ-Уаԥстәылагьы убри аҩыза адырраҭара мҩаԥаҳгеит. Аинтерес аман ицеит аефир ахь ҳәа сгәы иаанагоит. Избанзар, азҵаарақәа цәырҵуан, урҭ азҵаарақәа рҭакқәа ҟаҳҵон, бзиа ибангьы иахәаԥшуан ауаа.

- Дук хара имгакәа убри анаҩс, нанҳәамза 8 рзы Аахыҵ-Уаԥстәыла ҩаԥхьа аибашьра иалагеит. Шәара ишәылшәыршеит Аахыҵ-Уаԥстәыла шәцаны уи иазкыз афильм аԥҵара, иазгәасҭац сҭахуп еиҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы. Ишԥаԥшьыжәгеи, ишԥашәылшәыршеи уи?

— Нанҳәа 8 ҟалаанӡа, мызки бжаки аԥхьа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ателехәаԥшреи Аԥсуа телехәаԥшреи еицымҩаԥаҳгеит адырраҭара. Адырраҭара анҵамҭа ҟаҳҵеит Аахыҵ-Уаԥстәыла ателехәаԥшраҿы. Дук хара имгакәа, мызки бжаки рышьҭахь атәыла бгеит, аибашьра иалагеит. Аибашьра ианалага ҳара ҳколлектив, Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои рҿы аус зуа зегьы ҳаидгыланы ацхыраара раҳҭаарц ҳаӡбеит иҳалшо ала. Исгәалашәоит, Цхинвал ақалақь анҭадырцәы хәымш-фымш рышьҭахь, аоператор Роберт Ломиеи сареи ҳаицны ҳцеит Аахыҵ-Уаԥстәылаҟа. Убасҟан сара хаҭала избаз даараӡа аҳәара уадаҩуп. Ҳара ҳаннеи аҽны, Цхинвал ауааԥсыра рықалақь ахь ихынҳәуан. Еиҭасҳәахуеит, уа иаҳбаз ҿык-бзыки узарҳәом, ақалақь зегьы шьаҟьан. Ашколқәа, ахәышәтәырҭақәа, абиблиотекақәа, атеатр,амузеиқәа, апарламент, аиҳабыра рҭыԥ, аусҳәарҭақәа зегьы ҟәыбаса ишьҭаҵан. Иазгәасҭарц сҭахуп, Жәларбжьаратәи ахеидкылақәа ахьыҟаз ахыбра кьыс амамкәа ишыҟаз, уи змааноу сыздыруам… Ауаԥс ҵарауаҩ ду Абаев иҩны амузеи ццышәны ирыблит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амқәаб: Цхинвал аибашьра амшқәа иазкны иҭыхыз афильм алацәажәара сцәыуадаҩуп

- Гәырам Артиом-иԥа, хымԥада ишәцәыуадаҩын ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьаҿы акамера аус арура, егьа ус акәзаргьы нап шԥашәырки аҭыхрақәа рымҩаԥгара?

— Афильм хьӡыс иаиуит "Ԥсҭазаарак иаҩсуа аҵх" ("Ночь длиною в жизнь"). Ари афильм аматериал анҭаҳхуаз абас сценариак ҩны, планк шьақәыргыланы иҳамаӡамызт. Ҳара ҳкамера иабоз акәын иҭаҳхуаз, ауаҩы ибла иабо еиԥш акамера аус ауан. Даараӡа ирацәан акамераҿы аԥсҭбарақәа, ауаа ԥсны икажьын, амашьынақәа былны, аԥсҭазаара аанкылан, даараӡа ирацәаҩын зыҩнқәа рахь ихынҳәуаз, зыҩны зымбаз, зыҩны блыз, зусҳәарҭа блыз, зыуацәа ирышьҭаз, зхәыҷкәа ҭахаз.

- Ахҭысқәа зегьы гәыҭшьаагоуп еиҭашәҳәо, иалкааны шәыззаҭгылрц шәылшои?

— Ҳара ҳлықәшәеит аӡӷаб хәыҷы, аибашьра ианалагаз аҽны ҩышықәса зхыҵуаз ахәыҷы ацәажәара иалагахьаз, дҿаҳахеит. Ҳара ҳаннеи дцәажәаӡомызт, лыла ҭраа духәаԥшуан, ахәыҷы илҳәо лзымдыруа дҟалеит. Убас анацәа, абацәа зыхшара зцәыӡыз, зыуацәа зцәыӡыз ауаа даараӡа ирацәан. Иазгәаҭатәуп, ақырҭуа еибашьцәа шьны ишкажьыз, урҭгьы ықәрымгаӡацызт. Афильм аҿы иаҳбоз акадрқәа зегьы алаҳмыргылаӡеит, избанзар рыхәаԥшра даараӡа иуадаҩын.

- Шаҟа мшы шәыҟаз Аахыҵ-Уаԥстәыла, шәабанӡадхалеи афильм аҭыхра?

— Хымш ҳаҟан. Хымш ирылагӡаны ҳара даараӡа ирацәаны акассетақәа ҭаҳхит. Ианааҳга, афильм шԥараҳҭари ҳәа ҳхәыцуан аоператори сареи. Нас атекст аҵамҵаӡакәа, ахҳәаа ҟамҵакәа, акамера иабаз ала амонтаж ҟаҳҵеит, иҭаҩыз аиҿцәажәарақәа агәылагылан, аҵакы ацәымӡырц азы амонтаж ҟаҳамҵаӡеит, ахҭыс шымҩаԥысуаз аҿиара аҳҭеит, аҭыхрақәа шымҩаԥысуаз амҩала ҳцеит.

- Афильм ахронометраж шаҟа иҟоузеи?

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба: ақырҭцәа Аахыҵ - Уаԥстәыла иақәлаанӡагьы акы ргәы ишҭаз убон

— Афильм сааҭк иназынаԥшуеит. Афильм аҿы иҟоуп еиуеиԥшым аинтервиуқәа ззыӡырҩра уадаҩу. Иазгәасҭарц сҭахуп, абри афильм шеиҭагаз англыз бызшәахьы. Еиҭазгозгьы хаҭала Великобританиа деиуан. Афильм аҿы иарбоуп 15 шықәса зхыҵуа аӡӷаб лаҳәшьеи лареи хәымш аҩнаҵаҟа ишыҵатәаз. Лани лаби ахьыҟаз рыздырӡомызт. Аӡӷаб еиҭалҳәоит ишәаны аҩны аҵаҟа ишыҵатәаз, ақырҭцәа абџьар зкыз ахәыҷқәа шыршьуаз, ишырымшаҭоз. "Сара сшәаны стәан, ақырҭуак ҳашә ааимԥааны ҳахьтәо дааҩналар, игәҭакы наигӡаанӡа сыԥсы схыҵааит ҳәа Анцәа сиҳәон" — ҳәа азгәалҭоит. Иара илҳәоз ажәақәа еиҭаимгаӡеит аиҭагаҩ. "Сара ари аҩыза сзеиҭагаӡом, избанзар сыжәлар ари аҩыза раҳар ирылымшар ҳәа сшәоит ашьҭыхра, даара ихьанҭоуп. Убри азы исзеиҭамгаӡеит, сара схаҭагьы арҭ ажәақәа реиҭагара акыр исцәыуадаҩуп, еиҭазгаӡом" — ҳәа ҳаиҳәеит. BBC ателерадикомпаниа ари афильм иахәаԥшит, аха аҭакс иҟарҵаз ус ауп: "Афильм ҳзышьҭӡом, избанзар Европатәи ажәлар ари афильм ахәаԥшра макьана иазыҟаҵаӡам, даараӡа ихьанҭоу фильмуп, рырбара халшаӡом " — ҳәа ԥхьаӡаны. Рыжәлар ргәабзиара аруадаҩуеит ргәахәзар акәхап, убри азы афильм рмышьҭӡеит.

- Сынтәа, нанҳәамза 8 рзы жәашықәса ҵит абри еиԥш ахлымӡаах ҟалеижьҭеи Аахыҵ-Уаԥстәыла… Аха, иҟоуп гәыӷрак уеизгьы, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит. Шәара ауаԥс жәлар рахь иҟашәҵо шәзеиӷьашьара.

— Сара убасҟан избаз ажәлар, убасҟан ирхыргаз ауадаҩрақәа иахьа ириааины амҩа ҿыц иануп, аҳәынҭқарра аргылара иаҿуп, ирзеиӷьасшьарц сҭахуп гәык-ԥсык ала ақәҿиарақәа. Есқьынагьы ирдыруазарц сҭахуп аԥсуа жәлар ҳашрыдгыло, ешьцәаҵас ишаҳбо. Аԥсҭазаараҿы аманшәалара ҟалааит. Ирхыргаз хашҭра ақәӡам, аха убарҭ ахьанҭарақәа рхазыршҭыша ахҭыс дуқәа ҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0