Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц: аԥсабара аҽынраалашьа ҳақәшәозар ахәҭоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны Адгьылҭҵааҩцәа рхеилак аиҳабы Леуард Барцыц
 Аԥсны Адгьылҭҵааҩцәа рхеилак аиҳабы Леуард Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭаз аԥсабараҿы иҟоу аҽеиҭакрақәа ҳрыцклаԥшны ҳақәныҟәароуп, усҟан иаҳа ҳманшәалахоит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Адгьылҭҵааҩцәа рхеилак аиҳабы Леуард Барцыц.
Барцыц: аԥсабара аҽынраалашьа ҳақәшәозар ахәҭоуп

"Аҳауаҿы иҟоу аиҭакрақәа ҳрыцклаԥшны, ҳҽырнааланы, ҳҽаршьцыланы, иахьа ҵиаак анымаалозар, ҿыцк ԥшааны ҳацныҟәар иаҳа ҳарманшәалоит, ҳара макьана аԥсабара ҳаԥырхагамзар, иазеиӷьу ҟаҳамҵацт. Аԥсуа иџьынџь зегьы Анцәа идҳәалан. Аҳауа аҭагылазаашьа аума, аӡы аҭагылазаашьа аума, аԥсабара аҿиара аума, нцәахәык еиԥш иԥхьаӡан, ианыкәзаалакгьы иҷыданы иазнеиуан. Ирацәаны еизганы иҳамоуп жәлар разгәаҭарақәа амши аԥсабареи иадҳәаланы. Иахьа акәӡам аҳауа аҽеиҭанакуа ианалага, уи аԥхьагьы иҟан, аха ажәлар уи рҽандырнаалон", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0