Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба атеатралтә концерттә зал ҿыц азы: акырҵуан сазхәыцуеижьҭеи

© Sputnik / Томас ТхайцукНодар Ҷанба
Нодар Ҷанба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит атеатралтә концерттә зал аиҿкаара гәҭакыс имеижьҭеи акыр шҵуаз, аҟазацәа аус иадԥхьаланы ус еиԥш аҭыԥ атеатр аҟны ишалырхыз.

Нанҳәа 13 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҟны иаартхоит аконцерттә зал.

Ҷанба атеатралтә концерттә зал ҿыц азы: акырҵуан сазхәыцуеижьҭеи

"Сгәы иҭеижьҭеи акырҵуан (атеатралтә концерттә зал – аред.). Атеатр ахԥатәи аихагыла афоие ҭбааҭыцәӡа, акустика бзиан наџьнатә, аха иҭацәын, скамкгьы гыламызт. Убри аҟынтә акустика бзианы издыруа аҟазацәа аасыԥхьан, ргәаанагара еилыскааит, иҳаӡбеит ари аҭыԥ атеатралтә концерттә зал иазылҳхырц. Араҟа акустика ауахәаматә иазааигәоуп, Аԥсуа театр аҟны абри азал ҿыц ааҳартуеит. Сгәы иаанагоит, еиуеиԥшым амузыкантцәа ари аҭыԥ бзиа ибаны иқәгылалоит ҳәа", - иҳәеит Ҷанба.

Аԥсуа театр анапхгаҩы иазгәеиҭеит ашықәс иалагӡаны ари афбатәи проектуп аԥсҭазаара иаладырҵәо ҳәа. Атеатр аҟны хәыда-ԥсада аус ауеит ахәыҷтәы студиа, аҟазара аусзуҩцәа ахьеиԥыло асалон "Витраж", апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа", ааигәа иаартын атеатралтә каҳуажәырҭа. Аԥхьаҟатәи агәҭакқәа иреиуоуп аҿартә миниатиуратә студиа аартра ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҷанба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0