Арсалиаԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа рзы агеоинформациатә системазы: ахьчаразы ихадоуп
"Агеоинформациатә система иахьа инаркны акультура аминистрра асаит аҿы иҟалоит, хазы игоу хәҭаны иҟоуп. Уа Аԥсны иҟоу абаҟақәа зегьы рзы аинформациа убар улшоит. Иҭуҵаар улшоит иарбан ҭыԥу иахьыҟоу, ҷыдарас иамоу. Абаҟа ахьчаразы, иара аҭҵаареи аиқәырхареи рышьҭахь ицо ус хадоуп. Ас еиԥш асистема аиҿкаара аидеиа цәырҵит 2015 шықәсазы абаҟақәа рсиа анышьақәырӷәӷәаха. Урҭ рыбжеиҳарак ҭагалоуп, ари макьана актәи аетап ауп. Ари асистема иадҳәалазар ауеит атуризм аганахьала апрограмма, ашәарҭадаратә қалақь аиҿкааразы апрограмма уҳәа", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.