Вышински иҭакразы ахашшааратә зыҳәа ахәаԥшра арыцхә инахоуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински иус азы аилатәара
Вышински иус азы аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев, Подольсктәи араионтә ӡбарҭа мап ацәнакит Вышински иаанкылара аҭагылазаашьа аԥсахра, цәыббра 19 рҟынӡагьы иаанкылара аҿҳәара инахеит.

АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Киев, Подольсктәи араионтә ӡбарҭа нанҳәа 20 рахь инахеит ахашшааратә зыҳәа ахәаԥшра аҿҳәара. Апортал РИА Новости Украина аиҳабы Вышински идукатцәа ахашшааратә зыҳәа иҟарҵаз ахәаԥшра арыцхә инахоуп ахьчаҩцәа реилахаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Вышински идукат Андреи Домански иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аилатәара амш нанҳәа 20 асааҭ 11 рахь иахыгоуп егьырҭ адукатцәа ари аилатәарахь иахьымааз азы. Урҭ егьырҭ аусеилыргарақәа иахьрылахәу инамаданы иахьымӡеит", - иҳәеит адукат.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Украина уаанӡатәи аԥыза-министр Вышински доушьҭтәуп иҳәеит

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

2019 шықәса мшаԥымзазы 250-ҩык ажурналистцәа Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски ашәҟәы изынарышьҭит ажурналист ихы дақәиҭитәразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0