Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Ҷкадуа исахьаркыратә фильм ҿыц азы: уамакала асценари сгәаԥхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКьасоу Ҳагба
Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаркыратә фильм ҿыц "Выбор камня" аҟны ароль хадақәа руак назыгӡо Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik аҟны иҳәеит асценари даараӡа игәы ишақәшәаз, уи аибашьраан ҳауаажәлар ирхыргаз шаанарԥшуа.

Ибрагим Ҷкадуа исахьаркыратә фильм кьаҿ "Выбор камня" аԥхьарбара мҩаԥысуеит нанҳәа 14 рзы Аԥсуа телехәаԥшреи ателеканал "Абазеи" рҟны. Афильм шьаҭас иаиуит аибашьраан аҭыԥ змаз ахҭыс.

Ҳагба Ҷкадуа исахьаркыратә фильм ҿыц азы: уамакла асценари сгәаԥхеит

"Уамакала исгәаԥхеит асценари, даараӡа иазааигәоуп аибашьраан иаҳхаагаз зегьы. Аибашьра ианалага афымцалашара ыцәеит, ауаа уи мызла ирымаӡамызт. Еиҳаракгьы Мрагыларатәи афронт аҟны абысҭа хьшәашәа акәын мҩаныфас иныҟәаргоз аибашьцәа. Аха абысҭа уурц ашыла умазароуп, аӡлагарақәа ракәзар, фымцалашарала акәын аус шыруаз. Убасҟан ирыԥшааит ӡыӡлагарак хәба-фба қыҭа ааны аџьықәреи ахьырлагоз. Аибашьра ҟамлазҭгьы иаҳзеилкааӡомызт ҳара аԥсабара иаҳнаҭо, аӡыӡлагара Анцәа иҟынтәи иҳауз ак шакәу", - иҳәеит Ҳагба.

Иара зхаҿсахьа наигӡо абырг иԥҽыз алу шьақәиргыларц ахаҳә дашьҭаланы дцоит иалихырц.

"Алу злыҵуа ахаҳә, аԥхныга, аҳаҟьа злыҵуа ахаҳә алхра ус имариаӡамызт. Урҭ ауаа ишалырхуаз еиԥш, дара ахаҳәқәагьы ауаа алырхуан. Абри ауаҩы агәаҵәа акра, аныҳәара азин шимаз еиԥш, ахаҳә алхрагьы издыруаз, азин змаз ыҟан. Уи Ҳазшаз иулаиҵар ауп. Ахаҳәгьы зыԥсы ҭоу еиԥш узацәажәар, иуацәажәоит", - иҳәеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0