Дауҭиа Афон ҿыц Акультуратә хан аартразы: ҳхәыҷкәа зегьы еидызкылаша аҭыԥ ҳауит
"Ԥшьымз ҵуеит аус иалагеижьҭеи, ари аамҭа иалагӡаны аусурақәа зегьы мҩаԥган. Иацырҵаз рацәоуп. Акультуратә хан аҩнуҵҟа абиблиотека ҟалеит, аҽеилаҳәарҭа уҳәа иаҭаху зегьы рыла еиқәшәоуп. Ашахмат азы Афон аклуб еиҿкааны иҟан, аха иахьтәоз рымамызт, убригьы аҩбатәи аихагылаҿы иҟаҵоуп. Ақалақьи ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәеи рҿы ахәыҷ бзиақәа ирызҳауеит. Дара зегьы ари акультуратә хан еиднакылартә еиԥш иҟалеит, ари аус ҳаԥхьаҟа иалнаршахаша рацәоуп. Ақалақь аҿы зыԥсы зшьо асасцәа даара ирацәаҩуп, дара зегьы ҳхаҿра дҳарбаратәы, ҳмилаҭ дҳарбаратәы, аԥсуа кәашара, ашәаҳәара ахьырбаша, иахьраҳаша аҭыԥ ыҟазароуп, ус еиԥш алыршахоит иахьа инаркны", - ҳәа азгәеиҭеит Дауҭиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.