Урыстәыла Афедерациатә Хеилак алхрақәа ирылахәхоит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Афедерациатә Хеилак алхрақәа ирылахәхоит
Урыстәыла Афедерациатә Хеилак алхрақәа ирылахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәхараны иҟоуп 117 нызқьҩык алхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациатә хеилак аделегациа анаԥшыҩцәа рыҳасабала Аԥсны ахада иалхра иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Флаг Республики Южная Осетия и  Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхра иалахәхоит

Аделегациа аилазаара иалахәуп: жәларбжьаратәи аилак аиҳабы Фарит Мухаметшин, атәылахьчаратә еилакы аиҳабы Михаил Козлов, иара убри аилак алахәыла Ольга Ковитиди, жәларбжьаратәи аилак алахәыла Алексеи Кондратиев.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла алхыҩцәа рыхьчаразы урыстәылатәи НКО Рассоциациа "Гражданский контроль" харантәла Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа рхылаԥшра рылшоит.

Москва ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥ аартуп абри аҭыӡҭыԥ аҿы: Донскаиа амҩ. 18/7, аргылара 1.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа зықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ирзыԥшуп.

Атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 2019 шықәса рзы. Ркандидатурақәа ықәгылоуп жәаҩык.

Аԥсны ахы аҵыхәа иаадыртраны иҟоуп 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0