Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьынџьал: анхаҩцәа аҳәынҭқарра аганахьала адгылара шрымоу рдыруазароуп

© SputnikРисмаг Аџьынџьал
Рисмаг Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи аалыҵ аҭира иацу ауадаҩрақәа ртәы, насгьы Қырҭтәылантәи иаарго атауарқәа урҭ ԥырхагас ирырҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас аибашьра аветеран Рисмаг Аџьынџьал.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Аџьынџьал Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵ иазкны

"Аҟәатәи аџьармыкьаҿы иҟаҵатәуп ҷыдалатәи аҭыԥ аҭыԥантәи аалыҵ зҭиуа анхаҩцәа рзы ҳәа рҳәахьан. Уи еиҿкаам, иҳамоуп аруаа, амилициа аусзуҩцәа, ашколқәа, уа иҟоуп акрыфарҭақәа усгьы иаахәатәуп афатә злаҟарҵаша амарҭхәқәа, ауҭраҭыхқәа, ашәырқәа. Иаҳҳәап, акәац, абысҟак ҳҭахуп ҳәа анхацәа ирылаҳәазҭӷьы, дара уи иахаҵгыларын, шықәсык ирзыҟамҵазаргьы, адырҩашықәса инаргарын. Ус акарпыжә уҳәа еиуеиԥшым аалыҵқәа. Абри зегьы иазхәыцзар, ҳманшәалахарын. Ақыҭанхамҩа еснагь иацуп адотациақәа, анхаҩы идыруазароуп ацхыраара шиоуа, мамзаргьы иаалыҵ шизыҭиуа агәра ганы дыҟазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аџьынџьал. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0