Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа: ҳџьармыкьа иазхо аалыҵ аарыхразы анхацәа ирымам ацхыраара

© SputnikБеслан Џьопуа
Беслан Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи аалыҵ аҭира иацу ауадаҩрақәа ртәы, насгьы Қырҭтәылантәи иаарго атауарқәа урҭ ԥырхагас ирынаҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас аибашьра аветеран, ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Беслан Џьопуа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Џьопуа Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵ иазкны

"Қырҭтәылантәи иаагоу аалыҵ, хымԥада, аҭыԥантәи анхаҩы ԥырхага инаҭоит, аха ҳара иаадыруазароуп даҽакы - атауараарыхра ахатә закәанқәа амоуп. Аамҭак ала аҳәаа аркра иҟалап имариазар, аха иаадыруазароуп, ҳара макьана ҳаҩнуҵҟатәи аџьармыкьа иазхаша аалыҵ ҳауаанӡа уи шалмыршахо. Сара ақыҭанхамҩа аминистрраҿы аус анызуаз аамҭазы уи азҵаара анагӡара ҳҽазаҳшәахьан, Урыстәылантәи иаарго атауар армаҷра, Кырҭтәылантәи иаарго аанаҳкыларц, аха усҟан ҳџьармыкьа аҩныҵҟа ахәқәа шьҭыҵит. Макьана ҳара ҳаҩнуҵҟа иааҳрыхуа атауари иара иахәҭои ҳамаӡам. Анхацәа ирымаӡам ус еиԥш ацхыраара ҳџьармыкьа иаазхәартә еиԥш аалыҵ аарыхразы", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0