Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит

© Foto / предоставлено пресс-секретарем Сочинской таможниИзакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит
Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылаҟа иахыргарц ирҭахыз закәаным аҭаҭын аалыҵ азеиԥш хыԥхьаӡара иартәеит 422 ҭоԥ.

АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа 400 инареиҳаны сигареҭ ҭоԥ ралагара, абри атәы аанацҳауеит аҳазалхра апресс-маҵзура.

Аҳәааҟны иаанкылан ҩ-автомашьынак, урҭ аҭаҭын аалыҵ ахьыԥхьакыз аҵәахырҭақәа рыман.

© Foto / предоставлено пресс-секретарем Сочинской таможниИзакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит
Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит - Sputnik Аҧсны
Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит

124 сигареҭ ҭоԥ автомашьына "Волга" аҟны иԥшаан аҳазалхратә гәаҭараан. Аҭаҭын аалыҵ ҭан аидараҭраҟны, абылтәыҭаҭәарҭа иԥхьаку ахәҭаҟны, ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭа аҵаҟа, иара убас абжьҭыҩратә хәҭа аҩнуҵҟа.

Егьы автомашьына "ВАЗ 21099" агәаҭараан иԥшаан акымкәа-ҩбамкәа аҵәахырҭақәа. Асигареҭқәа ҵәахын ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭа аҵаҟа, абжьҭыҩратә хәҭа аҩнуҵҟа, иара убас аԥсахгатә агьежь аҭыԥан. Ари амашьынаҟны аҳазалхыҩцәа ирԥшааит 298 сигареҭ ҭоԥ.

© Foto / предоставлено пресс-секретарем Сочинской таможниИзакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит
Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит - Sputnik Аҧсны
Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит

"Азҵаарақәа анрырҭоз амашьынарныҟәцаҩцәа - Нхыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра - ирҳәеит асигареҭқәа анаҩс Урыстәыла иахьаҵанакуа рыҭиразы аҳәаа ишахыргоз", - абри атәы аарыцҳауеит шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҿы.

Изакәаным атауари амашьынақәеи аанкылоуп. Ихацыркуп административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа 4 Урыстәыла Административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкыла ахә.16.1 ахәҭа 2, ахә.16.3 инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0