АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Ашахматтә фестиваль "Abkhazia Open-2019" шхыркәшоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашахматтә федерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба.
"Ари афестиваль ҳтәыла ахыԥша ашьҭыхразы акраҵанакуеит. Уи ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит, саси-аԥшәымеи зегьы агәахәара роуит. 16 шықәса рыҩнуҵҟа ашахматтә фестиваль мҩаԥаҳгоижьҭеи стандартқәак шьақәҳаргылахьеит, иааиуа ашықәсгьы ҳҽазыҟаҳҵоит. Иазгәасҭар сҭахуп ҳара ҳҿар, урҭ рхы бзианы иаадырԥшит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Константин Ҭыжәба агәра ганы дыҟоуп атуристцәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым афестивальқәа рымҩаԥгара аҭахуп.
Ашахматтә фестиваль "Abkhazia Open-2019" аҟны абсолиуттә иааира игеит жәларбжьаратәи акласс змоу амастер Сергеи Нефиодов, уи арахь дааит ақалақь Владимир аҟынтәи. Аԥхьахәтә фонд усҟак идуӡам, зыҩаӡара ҳараку ашахматасыҩцәа еиҳаны иалахәхарц азы, иҳәеит Аԥсны Ашахматтә федерациа аиҳабы.
"Иазгәаҭатәуп аиҵбацәа рыбжьара ҳара ҳхәыҷқәа абжьааԥны аԥхьахәтә ҭыԥқәа шааныркыло, аиҳабацәа ракәзар, урҭ макьана актәи аҭыԥқәа хәба рахь изымнеицт", - иҳәеит иара.
Константин Ҭыжәба инаҵшьны иазгәеиҭеит афестиваль "Abkhazia Open-2019" аҟны иреиӷьны зхы аазырԥшыз ашахматасыҩцәа "Moscow Open-2019" ахь ишцо.
"Abkhazia Open" аҟны 2019 шықәса рзы рхы аладырхәит 500-ҩык инареиҳаны ашахматасыҩцәа. Урҭ рыбжаҩык аԥснытәиқәоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа "Moscow Open-2019" иалахәуп
-
Ҭыжәба: ашахматқәа Аԥсны ирылаҵәоуп