АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы 48% рыбжьы арҭахьеит

© Foto / Саида ЖибаАлхрақәа
Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 121 нызқьи 627-ҩык ыҟоуп, ахарҭәаагатә сиаҿ иануп 2702 алхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала рыбжьы арҭахьеит 48,48% алхыҩцәа, абри атәы аалыцҳауеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Зынӡа рыбжьы арҭахьеит 61 нызқьи 20-ҩык алхыҩцәа. Алхыҩцәа рсиақәа рҿы иануп 125 нызқьи 875-ҩык алхыҩцәа. АКХ ахантәаҩы излааицҳауа ала, 2014 шықәса рзы имҩаԥысуаз ахада иалхрақәа ирҿурԥшуазар, усҟан асааҭ 18:00 рзы рыбжьы арҭахьан 55% инареиҳаны алхыҩцәа. Иажәа иацҵо иҳәеит ауаа рааишьа иацлар шыҟало амш анҵәамҭазы.

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0