Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ рыбжьы арҭараны иҟоуп 13–ҩык алхыҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара мҩаԥыргараны иҟоуп 121 627-ҩык ауааԥсыра, асиацҵақәа ирнуп 2702–ҩык алхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 25– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа аҩны рыбжьы арҭараны иҟоуп 13–ҩык алхыҩцәа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны АКХ ахаҭарнак Алиса Гындиаԥҳа.

"Ҳара ҳнеиуеит алхырҭатә ҭыԥқәа рахь изымааиуа ауаа ахьыҟоу – згәы бзиамкәа аиарҭа иамоу, ма зықәра неихьоу рахь", - лҳәоит лара.

Анҭыҵтә комиссиа иалахәуп акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәагьы. Абжьыҭара араҟагьы ишаабац имҩаԥысуеит: алхыҩ асиаҿ инапы аниҵоит, атәылауаҩшәҟәаҿы амҳәыр ҷыда аадырхоит, абиуллетен зыбжьы азҭо идыргалоит еиҭарго аурна иҭаиршәразы.

Абжьыҭара мҩаԥган зықәра неихьои аинвалидцәеи Рыҩны-интернат аҟны. Уа рыбжьы арҭеит фҩык ауааԥсыра.

© Sputnik / Томас ТхайцукЕиҭарго аурна зку алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа
Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ рыбжьы арҭараны иҟоуп 13–ҩык алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Еиҭарго аурна зку алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа

"Абжьыҭара ҳуалны ҳахәаԥшуеит. Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш ахьӡала ус иаҭахны иаабоит. Зегь маншәалан имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәоит аинтернат аҿы инхо Ирина.

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы Виачеслав Цыгәба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Цыгәба: алхрақәа рыҽны доусы изин ауп абжьы аҭарахь инеира, аха иагьуалԥшьаны исыԥхьаӡоит

Гиндиаԥҳа лажәақәа рыла, анҭыҵтә комиссиа еилагарак азгәанамҭеит.

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Вахтанг Пипия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ԥиԥиа Аԥсны имҩаԥысуа аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы: ныҳәоуп

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0