Гогьиа: Баслаҭа ақыҭан еиҭарго аурна адәылгара иаԥырхагахеит

© Sputnik / Томас Тхайцукеиҭарго аурна
еиҭарго аурна  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла асааҭ 15:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 39,14% алхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан еиҭарго аурна аныҟәгара иаԥырхагахеит ҳәа ааицҳаит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"23-тәи аҭыԥ хада иаҵанакуа Баслаҭа ақыҭахь инеит алхратә комиссиа алахәылацәа ҩыџьа. Урҭ аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Еиҭарго аурна адәылгара изаԥырхагахаз еилыркаауеит", - иҳәоит Гогьиа.

Иара иазгәеиҭеит наԥшыҩцәақәак аурна зланыҟәырго амашьына иақәтәарц рыҽшазыршәо, аха уи азакәан аҿы иарбаӡам. Анаԥшыҩцәа ирылшоит аурна адәылгара азгәарҭар, уи иацны зыбжьы зҭиуа рахь инеир, уа абжьыҭара шымҩаԥысуа иахылаԥшыр ҳәа.

Аҽа еилагарак аҭыԥ аман Черкесск. Уа алхыҩцәа руаӡәк Аԥсны ажәытә тәылауаҩшәҟәы ала абжьыҭара иҭахын.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Выборы президента Абхазии в гагре - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 121 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0