Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

© Foto / Саида ЖибаВыборы президента Абхазии в гагре
Выборы президента Абхазии в гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны ихарҭәаау асиақәа налаҵаны, 14 сааҭынӡа рыбжьы арҭеит 8197-ҩык алхыҩцәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араион аҟны иаарту алхратә ҭыԥ хадақәа хәба рҟны, 14 сааҭынӡа рыбжьы арҭахьан 24 нызқьи 621-ҩык рахьтә 8197-ҩык алхыҩцәа. Арахь иалаҵоуп ихарҭәаау асиақәагьы.

Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа рҟны, рабжьы арҭеит 1415-ҩык. Ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада иатәу алхырҭатә ҭыԥқәа хәба рахь 1685-ҩык алхыҩцәа неихьеит. Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа рҟны рыбжьы арҭеит 1390-ҩык ауааԥсыра. Ажәаҩатәи алхырҭатә ҭыԥ хада иатәу алхырҭатә ҭыԥқәа хәба рҟны рыбжьы арҭеит 1903-ҩык алхыҩцәа. Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада иатәу алхырҭатә ҭыԥқәа жәаха рҟны бжьыҭара иааихьеит 1804-ҩык ауааԥсыра. Процентла иугозар, Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа бжьыҭара иааихьеит 33,29% алхыҩцәа.

"Шьыжьнаҵы ажәлар ааиуа иалагеит. Макьана ҳазегьы ҳгәалаҟазаара бзиоуп. Акандидатцәа жәҩык рҟнытә анаԥшыҩцәа тәоуп. Аӡәи-аӡәи ҳаҭырла еизыҟоуп, џьара гәамҵрак рнубаалом. Абжьыҭара иааиуа ракәзаргьы аамысҭашәала рхы мҩаԥыргоит", - ҳәа наҵеишьит ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада, Лӡаа ақыҭан иҟоу актәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Ельдар Амԥар.

Пицунда ақалақь аҟны акәзаргьы активла абжьыҭара мҩаԥысуеит. Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы Ирма Чамагәуаԥҳа лажәақәа рыла, ирыҵаркуа алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа рҟны зыбжьы азҭахьоу 25% еиҳауп.

гагра - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны алхрақәа азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит

Алаҳаӡыхь ақыҭан иҟоу, ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада иатәу аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны, макьаназы еилагарада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит.

"Алхрақәа угәы иахәаратәы имҩаԥысуеит. Ажәлар аԥеиԥш бзиа ишазыԥшу рхаҿы ианубаалоит. Алхырҭатә ҭыԥ аҟны аимак-аиҿак ыҟам. Анаԥшыҩцәа ргәынамӡара аадмырԥшыцт", - иҳәеит ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада, аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Ахра Гамсаниа.

Бзыԥҭа аҳабла Ахадара ахыбраҟны иаарту ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада, актәи алхырҭатә ҭыԥ ахь иааиуа ауаажәлар ракәзаргьы ныҳәак еиԥш иазнеиуеит иахьатәи амш. Аӡәи-аӡәи аԥсшәа анеибырҳәогьы еидырныҳәалоит.

"Иахьа, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо далаҳхуеит атәыла ԥхьаҟа изго, ажәлар рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа ахада. Акандидатцәа зегьы ҳаҭыр ҳазрықәуп, ҳрызгәдууп. Ажәлар рыгәрагара иаԥсахо, ԥсыцқьарыла иԥсадгьыл амаҵ азиуртә еиԥш агәабзиареи алшареи анцәа иаҭәеишьааит", - рҳәеит алхыҩцәа гәыԥҩыуаак.

© Foto / Саида ЖибаГагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

© Foto / Саида ЖибаГагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0