00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кәыҵниа атәылауааи, акандидатцәеи, аштабқәа русзуҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКандидат в президенты Абхазии Алхас Квициния
Кандидат в президенты Абхазии Алхас Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз алхрақәа акандидат демократиатә рҵагоуп ҳәа ахиҳәааит.

АҞӘА, нанҳәа 27 — Sputnik. Аԥсны ахадаразы акандидат Алхас Кәыҵниа атәылауааи, акандидатцәеи, аштабқәа русзуҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа: алхрақәа рылҵшәақәа "Амцахара" азы иқәҿиароуп

"Ҷыдала сареи сыдгылаҩцәа рыхьӡалеи азин сышәҭ ҭабуп ҳәа шәасҳәарц абжьыҭира иалахәыз зегьы, абжьы зышәҭаз ҳәа аӡә далымкаакәа. Милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар рзы алхрақәа аҵакы змоу демократиатә рҵаганы иҟалеит", - аҳәоит Кәыҵниа иҳәамҭаҟны.

Алхас Кәыҵниа ҭабуп ҳәа реиҳәеит атәыла ахадаразы иқәгылаз акандидатцәа зегьы.

"Сыхьӡала иаашәышьҭыз адныҳәаларақәа аҵак ҷыда сызрымоуп, иҿырԥшыганы иҟоуп шәполитикатә культура аҳаракыра аарԥшраҿы", - иҳәоит иара.

Иара убасгьы Кәыҵниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит алхырҭатә штабқәа русуҩцәа.

Иара иазгәеиҭеит амчрахь инеираан напхгаганы ишизыҟало ауаҩы ипрофессионалтә ҟазшьақәа, уи иполитикатә хырхарҭа ахьырԥшрада. Арахь иаҵанакуеит уажәазы аус зуа аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ҳәа иҳәеит иара.

"Ҳара ҳтәылауаа, ҳажәлар еихаҳшом. Ҳара иаку жәларуп, ҳаԥсадгьылгьы акоуп. Иара аршәҭыкакаҷразы ҳазегь ҳамчқәа еибыҭаны иҳалшо ҟаҳҵароуп", - азгәеиҭоит Кәыҵниа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы 66,55% алхыҩцәа ралахәрала. Аҩбатәи атур мҩаԥгахоит цәыббра 8 рзы. Аҩбатәи атур ахь инеиит Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0