Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Надараиа Гал араион аҿы араса аҽаҩразы: ауаа рыԥсы еивыргеит

© Sputnik Белла КварчияҬемыр Надараиа
Ҭемыр Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа арасазы сынтәатәи рҽаҩра зеиԥшроу, насгьы уи аҟәшәара шцо атәы.
Надараиа Гал араион аҿы араса аҽаҩразы: ауаа рыԥсы еивыргеит

"Ауаа рыԥсы еивыргеит, избанзар ҳара ҳадгьылқәа зегьы араса ауп илоу. Иара акәын иззыԥшыз, иҭины аԥш аазхәозгьы дыҟоуп. Ҩышықәса даара игәаҟны иҟан, фышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳраион аҿы ацхыраара роуан, амлакра аҟынӡа инеины иҟан. Избанзар рхы зланыҟәырго акәны ирымоу араса заҵәык ауп. Сынтәа ауааԥсыра рыԥсы еивыргеит. Иахьа 50 тонн мышкала аџьармыкьаҿы араса рҭиуеит, ироуа хә-миллионк мааҭ аԥара мчыбжьык аҩнуҵҟа ауаа ирхәаахәҭуеит. Араса аҟынтә аҳәынҭқарра иаиуа адгьыл ахәԥса ауп, уаҳагьы аҳәынҭқарра акгьы аланагалаӡом. Сынтәа Гал араион иахьаҵанакуа быжьнызқь тонн рҟынӡа ҟалоит. Макьана аҟәшәара апроцесс цоит. Араса даара аџьабаа рацәа ацуп. Уи аус зылшо рацәам, аха бжала изықәшәогьы дубап. Ауааԥсыра араса анроу, ҳаҭыр ақәҵаны идмырӡырц иаҿуп", – ҳәа азгәеиҭеит Надариа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0