00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Х-нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа актәи акласс ахь ицоит 2019 шықәсазы

© Sputnik / Томас ТхайцукДень знаний в 10-ой средней школе
День знаний в 10-ой средней школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа 2019 шықәса рзы Аԥсны абжьаратә зеиԥшҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵалоит 27 нызқьҩык инареиҳаны аҵаҩцәа.

АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2019 шықәса рзы Аԥсны абжьаратә зеиԥшҵараиурҭақәа рҟны актәи акласс ахь ицоит 2 795-ҩык аҵаҩцәа, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгелиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, урҭ ахәыҷқәа рыдыркылоит атәыла 155 школ рҟны. Зынӡа 2019 шықәса рзы Аԥсны абжьаратә зеиԥшҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵалоит 27 нызқьҩык инареиҳаны аҵаҩцәа.

"Ашколқәа зегьы еиқәшәоуп аҵаҩцәа рыдкыларазы. Акапиталтә ремонт ахьыҟаҵоу ашколқәагьы ыҟоуп, урҭ рҭагылазаашьа егьырҭ ирыыҿурԥшуазар, акыр еиӷьуп. Акосметикатә ремонт ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥгоуп, араионқәа рхадаақәа рыцхырааралагьы иахьыҟаҵоу ыҟоуп", - азгәалҭеит Ченгелиаԥҳа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ излазгәазҭаз ала, ҵыԥх актәи акласс ахь ицеит 3061-ҩык аҵаҩцәа.

"Аха арҭ ацифрақәа макьана реиҿырԥшра ҳалагом, избанзар макьан адыррақәа ааилоит цәыббра 10 рҟынӡа", - ҳаиллыркааит лара.

2019 шықәса рзы Аԥсны аҵарашықәса иалагоит цәыббра 2 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0